Апроект «Ани амаалықьи» Гәдоуҭа араион аусура иацнаҵеит

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа рзы иаҧнаҵаз апроект «Ани амаалықьи», ҳреспублика ахьынӡанаӡааӡо аларҵәара амоуп. Убас, Гәдоуҭа араион афонд ахаҭарнакцәа аҳамҭақәа рыманы иаҭааит.

Гәдоуҭа араион ахадараҿы еизеит, ааигәа ахшара зауз анацәа қәыҧшцәа. Афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧха, афонд ахьӡала дрыдныҳәалеит анацәа, ирзеиӷьалшьеит ахәыҷқәа рааӡараҿы  ирыцзарц аманшәалара, рысабицәа ирымазарц агәабзиара. Уи агәра длыргеит, ахәыҷы рацәа ахьыҟоу аҳәынҭқарраҿы ишыҟоу аҧеиҧш лаша. Анаҩс, уи дазааҭгылеит афонд аусура хадақәа ишыруаку аҳәынҭқарраҿы адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра.

Аҳамҭақәа знапаҿы ирыҭаз анацәа, афонд ахьӡала ироуз ахаҵгылара, гәахәарыла ирыдыркылеит.

Гәдоуҭа араион афонд ахаҭарнакс иҟоу Саида Кәарацхьелиаҧҳа, аҭыҧан, аиҿкааратә усқәа зегьы лара имҩаҧылгеит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иазҧхьагәаҭан иамоуп, апроект «Ани амаалықьи» ахырхарҭала, Аҧсны егьырҭ араионқәа рҿы аусура ацҵара.

Subscribe to Syndicate