«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Гьаргь Торчуа ихәышәтәразы афонд «Ашана» 200 нызқь мааҭ аҧара ахыҧхьанаӡалеит.
18/11 2015
Нанҳәамзазы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуеи, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» адиректор Џьевеира Колосовеи , аҧхьаҟатәи русеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Уаҟа ишазгәаҭо ала, шықәсык аҩныҵҟа, ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, афонд «Ашана» иахыҧхьаӡалахоит 800.000 нызқь мааҭ аҧара. Раҧхьатәи ацхыраара лыҭан, ахәыҷ чымазаҩ Лиана Доӷәызиаҧҳа. Уи алшара лоуит Москватәи атехнологиатә медецинатә институт аҽыхәышәтәра ацара.
Иахьа, ҧшьышықәса зхыҵуа Гьаргь Торчуа ихьӡала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» ахаҭарнакцәа рнапаҿы ириҭеит, афонд 200 нызқь мааҭ аҧара шахыҧхьаӡало ала аршаҳаҭга.
«Ҳара зегь раҧхьаӡа иргыланы иаҳҭахыуп ҳхәыҷқәа агәабзиара рыманы ирызҳаларц. Убри азы, ҳусура ахырхарҭақәа зегьы уаҵәтәи ҳҧеиҧш аиӷьтәроуп изызкыу. Аҧхьаҟа, убас еиҧш иҟалар алшоит, ацхыраара заҳҭо арҭ ахәыҷқәа, Аҧсны иахьӡырҳәаганы иазгыларц. Ҳҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы рхатә лагала ҟарҵар. Убри азы, иҳалшо агәыҳалалра ааҳарҧшырц ҳҭахыуп»-иҳәеит Сонер Гогәуа.
Згәабзиара уашәшәыроу Гьаргь хәыҷы иан, Шьазина Гамсаниаҧҳа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа, даара ҭабуп ҳәа иалҳәеит иҟаиҵаз ацхырааразы. Илҳәеит ари ахҭыс дара рзы даара акыр шаҵанакуа. Иааарласны, ахәыҷы ихәышәтәразы Москватәи ахәышәтәырҭахь ишцо.
«Ҳара мызқәак раҧхьа афонд «Ашана» ахь арзаҳал алаҳҵеит, ҳхәыҷы ихәышәтәразы, цхыраара хәыҷык ҳауазар ҳәа. Хара имгакәа уантә аҭел иаҳзасны ажәабжь ҳарҳәеит, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳгәаҳәара рыбжьы шақәдыргаз. Аиҿкааратә усқәа ирхаҵгылаз афонд «Ашана», ҳҭаацәа рганахь ала, ҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахыуп»-ҳәа азгәалҭеит ахәыҷ иан.
Аиҧылара иалахәыз, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» ахаҭарнак Мактина Џьынџьалҧҳа, дазааҭгылеит рфонд имҩаҧнаго аусура атәы. Ҳазҭагылоу аамҭазы, Аҧсны, ахәыҷ чымазаҩцәа рхыҧхьаӡара акыр ишырацәоу. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», урҭ рыхәышәтәразы иаанарҧшуа адгылареи, ацхыраареи рзы ҭабуп ҳәа ралҳәеит.
Абасала, Гьаргь хәыҷы, иҭаацәа дрыманы аҽыхәышәтәразы Москваҟа амҩа дықәлоит.
- Ҭҟәарчал араион азы агәыҳалалратә цхыраара
- Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи ареабилитациатә центрқәа агәманитартә цхыраара рыҭоуп
- Ацхыраара рыҭоуп даҽа хҧа Аҧсны ареабилитациатә центрқәа
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» агәыҳалалратә акциа
- Гәдоуҭатәи Ареабилитациатә Центр "Асаркьал" ацхыраара аҭоуп
- Ареспубликатә реабилитациатә ценр ацхыраара аҭоуп
- Ашықсҿыцтәи акциа ақалақь Гәдоуҭа аҟны
- Очамчыра араион азы ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа
- Ашықәс ҿыц аныҳәа Аҟәатәи ареабилитациатә центр ахәыҷқәа рзы
- Ашықәс ҿыц аныҳәа амҩаԥгара иацырҵоит ақ. Гал аҟны
- Ашықәс ҿыцтәи аныҳәа ақ. Тҟәарчал Ахәыҷқәа рыҿиара ацентр аҟны
- ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыҧ реилатәара.
- Аҧснынтәи аҳақьым-атравматолог Ермантәылаҟны иҧышәахысра.
- Ермантәылантәи аортопед Аԥсны аоперациақәа мҩаԥигоит
- Ахәыҷтәы реабилитациатә центр «Асаркьал» аҟны арҽеиратә усурақәа хыркәшоуп
- Ареспубликатə хəыҷтəы центр ацхыраара аҭоуп
- Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭазы аҳамҭа
- Ермантәылантәи ареабилитолог Аҧсны лҭаара хыркәшоуп
- Аинвалидцәа рзы арныҟәагақәа
- Аҧсны ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭоуп
- Ермантәылантәи Аҧсны иаан иҟоу ортопед х-операциак мҩаҧигеит
- Ермантәылантәи аҳақьым ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигоит
- Ермантәылаҟа ишьҭуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа
- Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» зҳәаақәа ҧку аилазаара «Биофармеи» (ақ.Ростов) Ареспубликатә реабилитациатә центр агәыҳалалратә цхыраара рзыҟанаҵеит.
- Ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭоуп
- Аҟәатәи Ареспубликатә Реабилитациатә центр ацхыраара аҭоуп
- Апроект «Агәабзиара» аусура иацнаҵеит Очамчыра ақалақь аҟны
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аҧсны иаан иҟоуп
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр 100нызқь мааҭ азоунажьит
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит
- Еревантәи ахәышәтәырҭаҿы аоперациа анаҩс, ахәыҷқәа ргәабзиара еиӷьуп.
- Ермантәылаҟа ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа
- Галтәи ареабилитациатә центр аматериалтә цхыраара азыҟаҵоуп
- Апроект «Агәабзиара» аусура иацнаҵеит Очамчыра ақалақь
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыдыркылоит
- Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Галтәи ареабилитациатә центр атренажиор-аҩратә мҩа ҳамҭас ианаҭеит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Очамчыратәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит.
- Арҭ амшқәа рзы Аҧснынтә Ермантәылатәи Ареспубликахь ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа.
- ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа раҧхьатәи агәыҧ, иахьа, Ермантәылаҟа амҩа иқәлеит аҽыхәышәтәразы.
- Анела Лакашьиаҧҳа лыхәышәтәразы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» 100 нызқь мааҭ аҧара азоунажьит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны абзазаратә мыругақәеи, амедицинатә маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит.
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ргәаҭарақәа мҩаҧыргоит Аҧсны.
- Зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр ацхыраара аҭоуп
- Згәабзиара уашәшәыроу Лиана Догәзиа аҽыхәышәтәразы лассы Москваҟа амҩа дықәлоит.














.png)








