Ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭоуп

Embedded thumbnail for Ареабилитациатә  центрқәа ацхыраара рыҭоуп

Ааигәа,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» Ростовтәи аилак «Биофармеи» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Убри инақәыршәаны,  иахьа, Тҟәарчал, Очамчыра, Гал ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәа агәыҳалалратә цхыраара рзыҟарҵеит. Уахь иаҵанакуеит абзазартә, амедицинатә техника, абаҩарҵәыратә тренажиорқәа, афатә, акондиционерқәа, акомпиутертә  техника уҳәа.

Зыӡбахә ҳәоу   агәыҳалалратә цхыраара ҟаҵоуп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аус ацызуа аилазааара «Биофарма» абзоурала. Уи ахаҭарнакцәа   Екатерина Микиртычевеи, Ольга Цыбинеи, ҷыдала Аҧсныҟа иааит агәыҳалалратә акциа рхы аладырхәырц. Аҧхьаҟагьы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» аилазаара «Биофармеи» Аҧсны иҟоу  ареабилитациатә центрқәеи ахәышәтәырҭақәеи  ацхыраара рырҭалоит.

Ареабилитациатә центрқәа рхаҭарнакцәа  ҭабуп ҳәа рарҳәеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни», аилазаара «Биофарма» ахаҭарнакцәеи. 

«Ҳарҭ аҧхьаҟагьы агәыҳалалра ааҳарҧшлоит  згәабзиара ҧку ахәыҷқәа еидызкыло, Аҧсны иҟоу ареабилитациатә центрқәа рзы»-ҳәа азгәеиҭеит, «Жәларбжьаратәи афонд ахада Сенер Гогәуа.

Subscribe to Syndicate