Адемографиеи Арепатриациеи

Всего осуществлено 30 проектов

Кындыӷ ақыҭа инхо Аслан Чихлаӡеи, Зита Цацуаҧҳаи жәҩык ахшара рааӡоит.  Ԥшьҩык  аҭыҧҳацәеи, хәҩык  арҧарцәеи: Кристина, Сабина, Викториа, Руслан, Амина, Артур, Радик, Игор, Милана.  Иреиҵбӡоу ҩышықәса ихыҵуеит.  Аҭыҧҳацәа руаӡәк аҭаацәара далалахьеит.  Фҩык ашкол иҭоуп, ҩыџьа макьана ихәыҷқәоуп.  Мышқәак рыла ари аҩнаҭаҿы асаби изыҧшуп. Ҿыц дираны дыҟоуп ажәабатәи амаалықь.

Embedded thumbnail for Аҧснытәи аделегациа усуратә визитла аҳәаанырцә иҟан.

Арҭ амшқәа рзы Аҧснытәи аделегациа усуратә визитла Египет, Иорданиа, Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора ирҭааит. Аделегациа аилазаараҟны иҟан: Беслан Быҭәба-аҳәаанырцәтәи атәылақәеи Аҧсни рыбжьара аекономика-хәаахәҭратә еимадарақәа рзы ҳтәыла  ахада ихаҭарнак, Сенер Гогәуа- ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада, Дмитри Аргәын- абизнесмен, Сириантәи Аҧсныҟа нхара ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ, аҳақьым Надир Ҳагәыш.

Аделегациа ахықәкы хадақәа ируакын аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи  ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аҧхьаҟа аусеицура. 

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, усуратә визитла  Ҭырқәтәыла иҟан афонд ахаҭарнакцәа: амассатә информациатә хархәагақәеи ауаажәларреи рхеилак анапхгаҩы Гурам Амқәаб, афонд алахәыла Оқтаи Ҷкотуа, аҧсуареи, адемографиеи, арепатриациеи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳа.

 «Ҳара Ҭырқәтәылаҟа ҳцара хықәкыс иамоуп аҧсуареи, арепатриациеи ирыдҳәалоу еиуеиҧшым азҵаарақәеи, апроблемақәеи рыҭҵаара, аҧхьаҟатәи афонд аусура арҭбааразы Аҧсныи аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи реимадара арӷәӷәара»-ҳәа азгәеиҭеит Гәрам Амқәаб.

Embedded thumbnail for Аҧсныи адиаспореи реимадара аизырҳара атемала Астол гьежь мҩаҧган.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, имҩаҧган Астол гьежь: «Аҧсныи адиаспореи реимадара аизырҳара» атемала.  Афонд аусура ахықәкы хадақәа ируакыуп аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара, уи ишьҭнахуа азҵаарақәа рыӡбара, рхаҵгылара.

Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵреи, Кәырбан-Баирам ныҳәа аҳаҭырази, Сириантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ҳтәыла аҭоурыхтә ҭыҧ ҧшӡарақәа рахь аныҟәарақәа еиҿнакааит. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа иажәақәа рыла, зегь раҧхьаӡа  хықәкыс ирымаз, Сириа, аибашьра иалҵны зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь иааз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа, аморалтә цхыраара рыҭара ауп. Иара убас, Аҧсадгьыл абзиабареи аҧсуареи рылааӡара .

Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵреи, Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа иааз раҧхьатәи ҳџьынџьуаа ргәыҧ 40 шықәса ахыҵреи инарымаданы

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  инанагӡоит ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа ирызкыу  апроект «Ани амаалықьи» аусура.  Ҩымчыбжьа ирылагӡаны, апроект аусура хацыркыуижьҭеи, Аҟәа араиони, Аҟәа ақалақьи рҟны инхо 70 ҭаацәара рнапаҿы ирыҭан аҳамҭақәа.  Иазгәаҭатәуп, ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны инхо аҧсуа ҭаацәарақәа зегьы ишрыҭахо аҳамҭақәа. Апроект аусура еснагьтәихоит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусуреи, аҧхьаҟатәи ахықәкқәеи адгылара арҭоит, рыбжьгьы ақәдыргеит Аҧсны Жәлар реизара адепутатцәа, асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы ахеилак аиҳабы Апполон Гәыргәлиеи, уи ихаҭыҧуаҩ Леонид Чамагәуеи.

Агәаанагарақәеи, азеиӷьашьарақәеи:

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит, Ҭырқәтәыла, Қоџьаели ақалақь аҟны, ҿыц еиҿкаахаз (адернеқь) еиҳабыс шәахьалхыу.   

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ихацнаркыз апроект «Ани амаалықьи» аусура иацҵоуп.  Абар уажәшьҭа ҩымшуп афонд ахьӡала, аԥсуа ҭаацәарақәа, ҿыц ахшара зауз,  рымаалықь иааӡараҿы рхы иадырхәаша аҳамҭақәа рнапаҿы ирырҭоижьҭеи.  Апроект иаҵанакуеит фымз ирҭымсыц ахәыҷқәа. Мҩамш!

Pages

Subscribe to Syndicate