Акультуреи Аҵарадырреи

Всего осуществлено 47 проектов

Ахырҵәара иақәыршәаз ҳауаажәлар ирызкыз аусмҩаҧгатәқәа ирыцҵан  С. Ҷанба ихьӡ зху  Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы. Уаҟа, амҳаџьырра атемала ахәаҧшыҩцәа идырбан Аҧсны жәлар рпоет  Рушьбеи Смыр ипоема иалху, арежиссиор Мадина Аргәын  лықәыргыламҭа «Симра».  Уи рхы аладырхәит, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҷыдала ааҧхьара зырҭаз Тҟәарчали, Пицундеи ақалақьқәа рҟынтә абжьаратә школ аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи.

 

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахада Сенер Гогәуа, ашьапылампылазы еизгоу  Аҧснытәи амилаҭтә команда ахәмарыҩцәа рзы  ҷыдалатәи ашәҵатәы,  азыҟаҵаҩ  хада   Џьума Кәарацхьелиеи, акоманда ахәмарыҩцәа Георги Жанааи, Ҭарашь Ҳагбеи иранеишьеит.

«Ҳара даара гәахәала иҳадаҳкылоит Аҧсны имҩаҧысраны иҟоу жәларбжьаратәи ашьапылампылтә чемпионат CONIFA. Ҳара ҳфонд ахьӡала аҳамҭақәа шәызҳархиарц ҳаӡбеит, агәра ҳгоит  ас еиҧш зыҩаӡара ҳараку ачемпионат аҟны қәҿиара дула шәшықәгыло, Аиааира шышәзыҧшу!»- ҳәа азгәеиҭеит Сенер  Гогәуа.

Иахьа, Иван Папасқьыр ихьӡ  зху  Аҧснытәи амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит  ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла»  актәи аномер аӡыргара. Аиҧылара аартуа аҵарадырреи акультуреи рхеилак анапхгаҩы Нугзар Логәуа еизаз иреилиркааит ажурнал  ҵакыс иамоу, насгьы уи  аҭыҵра аҧшьгара шыҟалаз.

Аиҧылараҿы ажәа иман дықәгылеит  ажурнал аредактор хада Гәрам Амқәаб.

Ишәыдаагалоит ажурнал  «Аҧсынтәыла сара стәыла» аелектронтә версиа. Иаарласны ҳара ҳсаит аҿы икьыҧхьхоит ажурнал еиднакыло анҵамҭақәа урысшәала, ҭырқәшәала, англыз, араб бызшәақәа рыла.

Раҧхьаӡа акәны, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Гагра араион Бзыҧҭа аҳабла инхо, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, ҷыдала иқәыргылан Хәыта Џьапуеи, Семион Хәаҭланӡиеи рҩымҭа иалху аспектакль «Аҳ деилазгаз ауаҩы». Аҧсуа театр ахәаҧшыҩцәа, раҧхьаӡа акәны ари ақәыргыламҭа дырбан 1946 ш. азы.  Ҳазҭагылоу аамҭазы, аспектакль режиссиорс дамоуп Мадина Аргәынҧҳа. Аиҭакрақәа алагаланы, аҟазацәа  рбаҩхатәрала ирылдыршеит ахәаҧшцәа рхыхра.

Иаашаҵәҟьаны,ҳажәлар рдуӡӡара ирацәаӡаны иаадырҧшхьеит. Иахьатәи ҳҭагылазаашьа,  иҳамоу ҳхатә ҳәынҭқарра, ҳхақәиҭреи, ҳхьыҧшымреи ирҿахәҳәагоуп. 

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҧшьгарала иаҧцоуп, апроект ҿыц «Агәыразра».  Уи аҧҟарақәа инарықәыршәаны, ишьақәырӷәӷәоуп зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау  ашколхәыҷқәа рхыҧхьаӡара, шықәсык аҩныҵҟа афонд ахьӡала ацхыраара зауа. Мызкы жәаҩык ашкол хәыҷқәа, афонд ахьӡала ироуеит дара рҭахрақәа ирықәшәо ахаҵгылара.  

«Аҧсны аҵарадырратә усбарҭақәа, еиҳаракгьы араионтә библиотекақәа рзы, ари лагала маҷуп. Араионтә библиотекақәа егьырҭ абиблиотекақәа жәпакы реиҧш аҭагылазаашьа уадаҩ рымоуп.

Ҳазҭалаз ашықәс азы, афонд иаҧшьнагеит апроект ҿыц "Агәыразра". Уи аҧҟарақәа инарықәыршәаны, ишьақәырӷәӷәоуп ашколхәыҷқәа рхыҧхьаӡара, шықәсык аҩныҵҟа афонд ахьӡала ацхыраара зауа. Апроект "Агәыразра" иаҵанакуеит 120-ҩык ашколхәыҷқәа. Шықәсык, апроект ахә иартәоит 960нызқь мааҭ. Хаҭала, 120-ҩык ахәыҷқәа рыцыҧхьаӡа аанызқь мааҭ рыхә амаҭәа рнапаҿы ироуеит. Есымза, апроект жәаҩык ашколхәыҷқәа адгылара рынаҭоит. Иахьа, апроект аусура хацнаркит. Тҟәарчал араион аҟынтәи 10-ҩык ахәыҷқәа ироуит ааба-ааба нызқь мааҭ рыхә амаҭәа.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» фҩык аус азҟазацәа апремиа рананшьеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», 2015 шықәса рзы ҳҳәынҭқарра аҿиараҿы аихьӡарақәа аазырҧшыз, аџьшьаратә  ҳамҭа  «Ахьӡырҳәага» ранашьара иазку ахәылҧаз еиҿнакааит. Уи рхы аладырхәит Аҧсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа, ауаажәларратәи акультуратәи усзуҩцәа, аҵарауаа, аҿар.

Pages

Subscribe to Syndicate