Акультуреи Аҵарадырреи

Всего осуществлено 47 проектов

Имҩаԥысит Астол гьежь: «Амассатә информациа ахархәагақәа -ақьабзқәеи, аҿыц аԥшьгарақәеи  рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи»

Иахьа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университе аҿы имҩаԥысит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни» ауниверситети еицымҩаԥыргаз  Астол гьежь абри атема ала: «Амассатә информациа ахархәагақәа -ақьабзқәеи, аҿыц аԥшьгарақәеи  рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи».  Уи азкуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 85 ш. ахыҵра.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ҳџьынџьуаа аԥсуа бызшәа арҵара акурсқәа рзеиҿнакааит Ҭырқәтәыла.

Ҭырқәтәыла, Адаԥазар Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ашҟа ааԥхьара ҟанаҵеит аԥсуа бызшәа  дзырҵо арҵаҩы дырзаарышьҭырц. Ари аус иаразнак рыбжьы ақәдыргеит Сенер Гогәуа хадара ззиуа афонд. Оқтаи  Ҷкотуа  иаразнак ҭелла сиԥшааит, исарҳәеит  ҳџьынџьуаа иҟарҵаз аҳәара атәы .

Ҭырқәтәыла, Адаԥазар Сақараиа ақалақь иҟоу  аԥсуаа рхеидкыла  аҭаххара инақәыршәаны, Аԥсны аҵараеи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәшаҳаҭхарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахарџьала,  Ҭырқәтәыла,  аԥсуа бызшәа дырҵаразы   Ҭырқәтәылаҟа дышьҭуп Аза Шамԥҳа.

Ишәыдаагалоит ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» аҩбатәи аҭыжьымҭа аелектронтә версиа. Иаарласны ҳара ҳсаит аҿы икьыҧхьхоит ажурнал еиднакыло анҵамҭақәа урысшәала, ҭырқәшәала, англыз, араб бызшәақәа рыла.

​Адаҧазар иҟоу  аҧсуаа рхеидкыла  аҭаххара инақәыршәаны, Аҧсны аҵараеи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәшаҳаҭхарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахарџьала,  Ҭырқәтәыла,  аҧсуа бызшәа дырҵаразы  ддәықәҵоуп Аза Шамҧҳа. Аҵаратә процесс мҩаҧысуеит ҧхынҷкәынмза акы инаркны, мшаҧымза акынӡа.

Аза Шамҧҳа, шықәсқәак раҧхьа, Ҭырқәтәыла, Ҵабалаа ирхылҵшьҭроу аҧсуаа ахьынхо Енегиоль ақалақь аҿы,  аҧсуа бызшәа дырҵаразы дышьҭын. Усҟан лара даара қәҿиарала лхы аалырҧшит. Агәра ҳгоит, Аза Лиосик-иҧҳа, илыду аҭакҧхықәра шыналыгӡо,  лырҵаҩратә ҧышәа алҵшәа шаиуа.  Мҩамш!

Абҵарамза 19, асабшаҽны , Аҧснытәи  ашкол хәыҷқәа  Шәача имҩаҧысуаз Салават Иулаев  ихьӡ зху ахоккеитә клуби, Шәачатәи ахоккеитә клуби рыбжьара ицоз  аицлабра иахәаҧшуан. Ахәыҷқәа ас еиҧш иҟаз агәырӷьаратә ҟазшьа змаз аныҳәа рзеиҿнакааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», ҳџьынџьуаҩ Енвер Лисини , уи иацыз ахарџьқәа зегьы иара ихахьы игеит. Енвер Лисин, Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуб ажәылаҩыс дыҟоуп. Аицлабра цонаҵы, аҧсуа хәыҷкәа, ахоккеитә матч аҿы ихәмаруаз Енвер Лисин изы ргәы былуан, иара идгылан. Иара ицәырҵра зегьы иацын абас еиҧш иҟаз аҿыҭбжьы: «Лисин, Лисин, Лисин».

Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны  аҵарадырреи аҭҵаарадырреи рминистрра ахантәаҩрала, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧысит раҧхьатәи аҧсуа ҵарадырратә цәыргақәҵа.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Тҟәарчали Гәдоуҭеи рраионқәа рҟынтә, иара убас  Ҭырқәтәылантә, Сириантә, Иорданиантә, Баҭымынтә  зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз  абжьаратә школқәа рҟны аҵара зҵо 100-ҩык аҵаҩцәа  ааҧхьара рыҭан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр ахь. Урҭ ирыцын арҵаҩцәеи, афонд ахьӡала араионқәа рҿы аус зуа ахаҭарнакцәеи, «Жәларбжьаратәи афонд» аусзуцәеи. Аҵаҩцәа алшара рыман Самсон Ҷанба ипиеса иалху «Амҳаџьырцәа» ала иқәыргылоу аспектакль ахәаҧшра.

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», А. Џьонуа ихьӡ зху Маркәлатәи абжьаратә школ №2, ҳамҭас акомпиутерқәа анаршьеит. Убри инамаданы иаарласны уаҟа иаартхоит акомпиутертә зал.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҭааит Маркәыла ақыҭа ахада Анри Хәырхәрмал, Маркәылатәи абжьаратә школ адиректор Рауль Кәакәасқьыр, ақыҭа ахаҭарнак Гиви Хәырхәмал.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аҧшьгарала, арҵаратә центр "Академиа" аҟны иаартуп аҧсуа бызшәа арҵаразы хәыда-ҧсадатәи акурсқәа. 
"Ас еиҧш иҟоу апроектқәа, хымҧада, аҧсуа бызшәа аҵареи, аҿиареи, ахьчареи ацхыраара рынаҭоит. Аҧхьаҟагьы ари аус ҷыдала ахаҵгылара аҳҭоит"-ҳәа азгәеиҭеит афонд ахада Сенер Гогәуа. 
Аҧсуа бызшәа арҵара иазку акурсқәа раартра, ҳауаажәлар рыҩныҵҟа аинтерес ду цәырнагеит. Анаҩсгьы, афонд хықәкыс иамоуп абызшәа аҿиара иазку егьырҭ апроектқәа рынагӡара.

 

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада  Сенер Гогәуа,  афонд аҟны иаҧҵоу аҵарадырреи акультуреи рхеилак анапхгаҩы  Нугзар Логәуа, афонд аспонсор хада «Абхазморпром»  аиҳабы  Ҭемыр Логәуа Ҷлоу ақыҭа иаҭааит. Раҧхьа урҭ неит Б. Шьынқәба ихьӡ зху  Ҷлоутәи абжьаратә школ ахь.  Афонд имҩаҧгнаго апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашкол ҳамҭас ианаршьеит аспорттә маҭәахәқәа. Ҷлоутәи ашкол аҭагылазаашьа збаз  афонд ахада Сенер Гогәуеи,  «Абхазморпром» аиҳабы Ҭемыр Логәуеи,  ашкол анапхгара агәыӷра рырҭеит, ашкол аҧхьаҟагьы ацхыраара шарҭо.

Pages

Subscribe to Syndicate