Бзыҧҭа аҳаблантә ахәыҷқәа, Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы аспектакль иахәаҧшит.

Раҧхьаӡа акәны, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Гагра араион Бзыҧҭа аҳабла инхо, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, ҷыдала иқәыргылан Хәыта Џьапуеи, Семион Хәаҭланӡиеи рҩымҭа иалху аспектакль «Аҳ деилазгаз ауаҩы». Аҧсуа театр ахәаҧшыҩцәа, раҧхьаӡа акәны ари ақәыргыламҭа дырбан 1946 ш. азы.  Ҳазҭагылоу аамҭазы, аспектакль режиссиорс дамоуп Мадина Аргәынҧҳа. Аиҭакрақәа алагаланы, аҟазацәа  рбаҩхатәрала ирылдыршеит ахәаҧшцәа рхыхра.

«Сара ҭабуп ҳәа расҳәоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, аусзуцәа зегьы, ҳхәыҷқәа абас еиҧш аныҳәатә мшы ахьырзеиҿыркааз.   Уи дара рзы  даара ихҭыс дууп, акультура абзиабара рыланааӡоит. Сгәы иаанагоит уи аҧхьаҟагьы аҿиара аиуп ҳәа»-ҳәа азгәеиҭеит афонд ахьӡала Гагра араион ахаҭарнакс иҟоу Виачеслав Сақаниа.

Бзыҧҭантәи  Аҟәаҟа иааз ахәыҷқәа ирыцын гәыҧҩык аҭаацәеи, Бзыҧҭа аҳабла ахада ихаҭыҧуаҩ Алла Григолиаҧҳаи.

«Ахәыҷқәа рахьтә иҟоуп раҧхьаӡа акәны атеатр иаҭааз. Ари даара игәахәоуп, иҿырҧшыгоуп, иааӡагоуп. Издыруада, 40-ҩык инарзынаҧшуа иахьа аспектакль иахәаҧшуа ахәыҷқәа рахьтә, аҧхьаҟа иактиорцәа дуқәаны иҟаларц зылшо ҳамазаргьы?!»-лҳәеит Алла Григолиаҧҳа.

Ахәыҷқәа ракәзар,  изхәаҧшыз аспектакль  гәахәала ирыдыркылеит. Акыр иргәаҧхеит актиорцәа рыхәмарра. Досу, аспектакль ахь ихатә азнеишьа иман. Иара убас, Бзыҧҭатәи ахәыҷқәа алшара рыман, Аҟәа ақалақь аҭыҧ ҧшӡарақәа дырбара.

Есымза,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» еиҿнакаалоит, егьырҭ араионқәа рҟынтә ахәыҷқәа атеатр ахь рааҧхьара, ҳтәыла аҭыҧ ҧшӡарақәа дырбара. Уи азы ахарџьқәа ахахьы иагоит афонд. 

Subscribe to Syndicate