«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҟәатәи араионтә библиотека акомпиутер ҿыц ҳамҭас ианаҭеит.

«Аҧсны аҵарадырратә усбарҭақәа, еиҳаракгьы араионтә библиотекақәа рзы, ари лагала маҷуп. Араионтә библиотекақәа егьырҭ абиблиотекақәа жәпакы реиҧш аҭагылазаашьа уадаҩ рымоуп. Ҳаамҭазтәи атехнологиатә хархәагақәа аҿиара ишаҿугьы, ашәҟәыҧхьарҭақәа- еснагь ажәабжь иахыҵхырҭаны иаанхоит»-иҳәеит   афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа.

 Араионтә библиотека аусуратә еилазаара шьақәгылоуп ҧшьҩык рыла. Абиблиотека анапхгаҩы Зинаида Сабекиаҧҳа,  аус лыцызуа лҩызцәеи лареи ирылшо зегь ҟарҵоит, ҳәы змаӡам ашәҟәқәа реиқәырхаразы.

«Ҳара даара ҭабуп ҳәа раҳҳәоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, ҷыдала уи ахада Сенер Гогәуа,  абиблиотека аусураҿы иҳагыз еилкааны ацхыраара ахьҳаиҭаз. Араҟа имҩаҧысуеит ацәыргақәҵақәа, еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа, ахәыҷқәа аус рыдулара. Аҟәа араион иаҵанакуа ашколқәа шәҟәыла реиқәыршәара хықәкыс ишамоугьы, иазымхо арҵага шәҟәқәа маҷым. Аҧхьаҟа аҭагылазаашьа еиӷьхап ҳәа ҳгәыӷуеит, зегь реиҳа ихадараны ҳазхәаҧшуа ахәыҷқәа ашәҟәаҧхьара абзиабара рылааӡароуп»-лҳәеит абиблиотека аиҳабы Зинаида Сабекиаҧҳа.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа,  Аҟәатәи араион аҟны аус руан 39 филиал араионтә библиотекақәа. Абиблиотека асистема зегьы еиднакылон 400.000 екземплиар.  Аибашьра ашьҭахь, абиблиотека аусзуцәа ирзеидкылаз 13.000 екземплиар роуп, убригьы Аҟәатәи араион иаҵанакуа библиотека заҵәык аҟны.  Шықәсык иалагӡаны абиблиотека иаҭаауа рхыҧхьаӡара 2.400-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Аҧсны иҭыҵуа  агазеҭқәеи егьырҭ  аҭыжьымҭақәеи рнапы рыҵарыҩуеит, Урыстәылатәи ажурналқәеи, агазеҭқәеи убрахь иналаҵаны. Абиблиотека аусзуцәа рхы рыладырхәуеит атренингқәеи, асеминарқәеи. Иазпҳьагәаҭаны ирымоуп  аҳәаанырцәтәи абиблиотекақәеи дареи русеицзуреи, рҧышәеимдарази  аимадара арӷәӷәара. Ашәҟәаҧхьара абзиабаҩцәа зегьы рзы,  Аҟәатәи араионтә библиотека еснагь ашәқәа аартуп.  

Subscribe to Syndicate