«Агәабзиара» -ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара ахьчара

12/05 2016 to 11/06 2021

«Агәабзиара» - афонд еснагьтәи проектуп, ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара ахьчара  иазкуп. Апроект хықәкыс иамоуп ачымазара зыцны ииз ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргыларазы ҳҳәынҭқарраҿы аус зуа ареабилитациатә центр адгылара, аматериалтә цхыраара азура. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахәышәтәраҿы амедецинатә цхыраара ҳаракы  ахәыҷқәа ироурц азы, еиуеиҧшым апроектқәа рыла атәым ҳәынҭқаррақәа рахь идәықәнаҵоит. Хықәкыла афонд ауснагӡатәқәа мҩаҧнагоит ДЦП ачымазара аҭҵаараҿы. Иара убас, аҭыҧантәи амедецинатә усбарҭақәа, жәларбжьаратәи аимадарақәеи, аҧышәақәеи рыдкылара аус аҟны ацхыраара еиҿнакаауеит.

Статистика проектов

14 . Галтәи ареабилитациатә центр аматериалтә цхыраара азыҟаҵоуп 7 . ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа раҧхьатәи агәыҧ, иахьа, Ермантәылаҟа амҩа иқәлеит аҽыхәышәтәразы.
13 . Апроект «Агәабзиара» аусура иацнаҵеит Очамчыра ақалақь 6 . Анела Лакашьиаҧҳа лыхәышәтәразы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» 100 нызқь мааҭ аҧара азоунажьит.
12 . Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыдыркылоит 5 . «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны абзазаратә мыругақәеи, амедицинатә маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит.
11 . Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит. 4 . Ермантәылатәи аҳақьымцәа, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ргәаҭарақәа мҩаҧыргоит Аҧсны.
10 . «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Галтәи ареабилитациатә центр атренажиор-аҩратә мҩа ҳамҭас ианаҭеит. 3 . Зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр ацхыраара аҭоуп
9 . «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Очамчыратәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит. 2 . «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Гьаргь Торчуа ихәышәтәразы афонд «Ашана» 200 нызқь мааҭ аҧара ахыҧхьанаӡалеит.
8 . Арҭ амшқәа рзы Аҧснынтә Ермантәылатәи Ареспубликахь ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа. 1 . Згәабзиара уашәшәыроу Лиана Догәзиа аҽыхәышәтәразы лассы Москваҟа амҩа дықәлоит.
Subscribe to Syndicate