Нанҳәа 7 инаркны 9-нӡа, Аҧсны имҩаҧысит а-17-тәи Жәларбжьаратәи асеминар Карате–До, иара убас, атурнир –акәубок Ешитаки Цунакоши.
Асасцәа рыбжьара иҟан Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи акомандақәа, Ҭырқәтәылантә акоманда. Аҧснынтә иалахәын Карате –До еиуеиҧшым афедерациақәа . Ишьақәыргылаз апрограммақәа хҧа инарықәыршәаны, ақәратә категориақәа быжьба рыла, 200-ҩык алахәцәа ықәгылон.
Аицлабрақәа рҟны Аҧснытәи акоманда иааннакылеит актәи аҭыҧ, Урыстәылатәи акоманда аҩбатәи аҭыҧ, Ҭырқәтәылатәи акоманда ахҧатәи аҭыҧ.