Ахәыҷқәа рзы, ателехәаҧшратә дырраҭара «Мрашҭа» аефирахь иҭыҵит.

Embedded thumbnail for Ахәыҷқәа рзы, ателехәаҧшратә дырраҭара «Мрашҭа» аефирахь иҭыҵит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», имҩаҧнаго аусхкқәа ируакуп изызҳауа ахәыҷқәа ирызку апроектқәа рыдгылара, рҵарадырра аизырҳара, аҧсуа бызшәа анырра рыҭара, агәыбылра рылааӡара, аҧсҭазаара аҧҟара иашақәа рықәныҟәара.
Сонер Гогәуа напхгара зиҭо, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» афинанстә цхыраара анаҭеит, Февраль 6 рзы, Абаза телехәаҧшрала аефир ахь иҭыҵыз ахәыҷтәы дырраҭара «Мрашҭа». Ари адырраҭара иадыҧхьалоуҧ зхатәы бызшәала ицәажәо, еиуеиҧшым арубрикақәа мҩаҧызго ахәыҷқәа рацәаҩны. «Мрашҭа» аефирахь иҭыҵуеит мызкахьы ҩынтә.
Адырраҭара автор-Фаина Матуаҧҳа, арежиссиор-Виола Кәакәасқьырҧҳа, аоператор-Сасрыҟәа Агәхаа, анапхгаҩы-Руслан Ҳашыг.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, ахәыҷтәы дырраҭара «Мрашҭа», ахәыҷқәа рдунеи аҳәаақәа рырҭбаараҿы аихьӡарақәеи, аманшәалареи рзеиӷьаршьоит!

Subscribe to Syndicate