Карате-До – абаҩарҵәыреи аиҩызареи рныҳәа Аҧсны.

Нанҳәа 7 инаркны 9-нӡа, Аҧсны имҩаҧысит а-17-тәи Жәларбжьаратәи асеминар Карате–До, иара убас, атурнир –акәубок Ешитаки Цунакоши.

Асасцәа рыбжьара иҟан Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи акомандақәа, Ҭырқәтәылантә акоманда.  Аҧснынтә иалахәын Карате –До еиуеиҧшым афедерациақәа . Ишьақәыргылаз апрограммақәа хҧа инарықәыршәаны, ақәратә категориақәа быжьба рыла, 200-ҩык алахәцәа ықәгылон.

Аицлабрақәа рҟны   Аҧснытәи акоманда иааннакылеит актәи аҭыҧ, Урыстәылатәи акоманда аҩбатәи аҭыҧ, Ҭырқәтәылатәи акоманда ахҧатәи аҭыҧ.

Имҩаҧгаз хаҭалатәи аиҧыларақәа рылкаақәа рыла, Аҧснытәи акоманда еиҳа аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааннакылеит.

Иҟаҵаз аицлабрақәа реихшьаала инақәыршәаны, Аҧснытәи Карате –До афедерациа, алшара аиуит,  Иапониа, ақалақь Сапоро, имҩаҧысраны иҟоу Карате Жәларбжьаратәи афедерациа  ачемпионат аҽалархәра.

Ҭырқәтәылатәи Карате –До афедерациа апрезидиум алахәыла Медан Бганба иазгәеиҭеит, Аҧснытәи аспортсменцәа рыҩаӡара шаҟа иҳаракыу, насгьы агәаҳәара ааирҧшит аҧхьаҟагьы ахәмаррақәа ирыцҵазарц Аҧснеиҧш Ҭырқәтәылагьы.

19-ҩык Апснытәи аспортсменцәа, анаҩстәи амаҟазы аттестациатә комиссиа иахысит. Уи мҩаҧыргон Урыстәылантә- ИКС апрезидент Игор Садовников, «Каратеномичи» афедерациа  апрезидент Александр Чичварин,Ҭырқтәылантә-Карате–До афедерациа алахәыла Меидан Бганба, иара убас аӡәырҩы.

Аицлабрақәа ирызкыз аусмҩаҧгатәқәа раартреи, ахәмаррақәеи еиҿкаан аҩаӡара ҳаракы змаз аҭагылазаашьаҿы.

 Аиҩызареи абаҩарҵәыреи рчемпионат ҳәа хьӡыс изауз аныҳәа   мҩаҧысит, Сенер Гогәуа хадас дызмоу,  ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацхыраарала.

Subscribe to Syndicate