"Ани амаалықьи" ҩнызқьтәи аҳамҭа ранашьан Шьаҟрылаа рҭаацәа

Ҩышықәса раҧхьа аусура иалагеит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" еснагьтәи апроект "Ани амаалықьи". Апроект хықәкыс иамоуп ан лыхшара иааӡараҿы ацхыраара лызҭо амаҭәарқәа рыла леиқәыршәара. Ас еиҧш агәырӷьара ахьыҟалаз, асаби дахьииз аҭаацәараҿы, афонд ҳамҭас ирананашьоит ахәыҷы изы амаҭәа, иара убас ацәымҳа инаркны акосметикатә хархәагақәа рҟынӡа.
Иахьа, " Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аусбарҭаҿы, Шьаҟрылҧҳа Влада хәыҷы иланашьан ҩнызқьтәи ашәыра. Аҟәа ақалақь аҿы инхо аҭаацәара қәыҧш Шьаҟрыл Нодари, Габлиаҧҳа Магдалинеи дроуит аҩбатәи аҧҳа. Иахьа, аҭыҧҳацәа ран афонд аҟны илзыҧшын асиурприз. "Жәларбжьаратәи афонд Aҧсны" ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиеи, афонд аусзуцәеи, ҩыџьа аҭыҧҳацәа ран ашәҭшьыҵәрақәеи иҷыдоу аҳамҭақәеи рыла илҧылеит.
"Ҳарҭ иаҳҭахуп Аҧсынтәыла ииуа ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара еизҳаларц. Аҭаацәа ҳара ҳахь ианаауа рхәыҷы дызлаиз ала аршаҳаҭга рыманы, даара игәахәароуп. Ишәзеиӷьаҳшьарц ҳҭахуп агәабзиара, анасыҧ лаша, аҭынчра!"- ҳәа азгәеиҭеит Мақсим Ӷәынџьиа, аҭаацәара қәыҧш дырҧылауа.

Subscribe to Syndicate