Иуль мза, 2016 ш. рзы, Еревантәи ахәышәтәырҭаҿы аоперациа зызуз ахәыҷқәа рҭаацәа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҭааит. Ереван ақалақь аҿы ахәыҷқәа рыхәышәтәра алыршахеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» рыбзоурала.
Аҭаацәа, афондқәа рыҩбагь рхаҭарнакцәа имҩаҧыргаз аусуразы ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәарҭеит, акыр иаагәауҭаратәы ахәыҷқәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара ишацхрааз. Ҷкотуа Азамаҭ иакәзар, акырӡа еиӷьны аныҟәара далагеит аҳақьымцәа имҩаҧыргаз аоперациа анаҩс.