«Агәабзиара»

Всего осуществлено 46 проектов

Апроект "Агәабзиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Ермантәылантәи  Аҧсныҟа даарыҧхьеит ортопед, иара  ДЦП ачымазара змаз хҩык ахәыҷқәа аоперациа рзыҟаиҵеит.
Аоперациа мҩаҧысуан Аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы.  Аҭыҧантәи аҳақьымцәеи ермантәылатәи аҳақьыми еицыҟарҵаз аоперациа,  хымҧада  ахәыҷқәа рзы акыр ихәарҭоуп , иара убас аусеицзура ахырхарҭала алҵшәақәа аанашьҭуеит.
"Сара иазгәасҭарц сҭахуп аҭыҧантәи аҳақьымцәа рпрофессионалтә ҩаӡара аҳаракыра"-иҳәеит ермантәылатәи аҳақьым.

Апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи» акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» еиҿыркааит Ереван ақалақь аҟынтә ахәыҷтәы ҳақьым-ортопед Аԥсныҟа иааԥхьара.  Раԥхьатәи агәаҭарақәа мҩаԥган Гудоуҭа ақалақь, ареабилитациатә центр «Асаркьал» аҟны. Раԥхьа иргыланы агәаҭарақәа ирхысит ДЦП ачымазара адиагноз змоу ахәыҷқәа.  Иара убас, адкыларахь инеит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи», «Ашанеи» рыцхыраарала Ермантәыла аоперациа ззыҟарҵаз ахәыҷқәа, аҳақьым урҭ рылҵшәақәа дреигәырӷьеит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» зхылаҧшуа ахәыҷқәа Амир Џьигаеви, Амина Бигәааҧҳаи, иахьа, рҽыхәышәтәра иацырҵац Ермантәылаҟа ицеит.

Амири Аминеи изныкымкәа Ермантәыла аҽыхәышәтәреи ареабилитациеи ирхысхьеит, узықәгәыӷша алҵшәақәагьы аадырҧшуеит. Хымҧада, ас еиҧш иҟоу аҭагылазаашьа аҭаацәа агәалаҟазаара бзиа рнаҭоит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» зҳәаақәа ҧку аилазаара   «Биофармеи» еицымҩаҧыргеит агәыҳалалратә акциа. Аҧсны ареабилитациатә центрқәа рыцхырааразы, афонд аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, зыӡбахә ҳамоу аиҿкаарақәа, ацентр ҳамҭас ианаршьеит абзазаратә химиа, апамперсқәа, аиарҭақәыршә ҧхақәа, иара убас ахәыҷтәы фатәы.

Ареабилитациатә центр анапхгара,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» «Биофармеи»  ҭабуп ҳәа рарҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы.  Ацентр аиҳабы Лаша Папаа излаиҳәаз ала, русуразы аиӷьтәразы ас еиҧш иҟоу ацхыраара зеиӷьыҟам ауп.

Embedded thumbnail for Ареабилитациатә  центрқәа ацхыраара рыҭоуп

Ааигәа,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» Ростовтәи аилак «Биофармеи» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Убри инақәыршәаны,  иахьа, Тҟәарчал, Очамчыра, Гал ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәа агәыҳалалратә цхыраара рзыҟарҵеит. Уахь иаҵанакуеит абзазартә, амедицинатә техника, абаҩарҵәыратә тренажиорқәа, афатә, акондиционерқәа, акомпиутертә  техника уҳәа.

Згәабзиара ҧку ахәыҷқәа рыцхыраара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҟәатәи Ареспубликатә реабилитациатә центр ҳамҭас ианаҭеит абзазаратә маҭәахәқәа.

Ермантәылатәи Аҧсны иаан иҟоу аҳақьымцәа имҩаҧырго ахәыҷқәа ргәаҭарақәа  инарықәыршәаны, Очамчыра ақалақь аҟны иҟоу згәабзиара ҧку ахәыҷқәа рреабилитациатә центр аҟны имҩаҧысит Тҟәарчал, Гал, Очамчыра араионқәа рҟынтә ахәыҷқәа рыдкылара. Урҭ ирыман алшара амедицинатә гәаҭарақәа рахысра. Аҳақьымцәа реилазаара еиднакылон  аортопед, аневролог, апедиатр. Дара дрыцын «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнак  Иулиа Гәымҧҳа.

Мышкы иалагӡаны Ермантәылатәи аҳақьымцәа агәаҭарақәа ирыхрыжьит згәабзиара ҧку 30-ҩык ахәыҷқәа. Аҭаацәа рхәыҷқәа рыхәышәтәразы абжьгарақәа рыдгылан.

 

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» акультуратә-  гәыҳаларатә фонд «Ашанеи» раҧшьгарала, апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ермантәылатәи Ареспублика аҟынтә Аҧсны иааны иҟоуп иналукааша, зус иазҟазоу аҳақьымцәа.

Аҳҭны қалақь Аҟәа имҩаҧысуеит, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа хәыда-ҧсада рыдкылара. Уи иадҳәалоу ахарџьқәа зегьы ахахьы иагоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». 

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» згәабзиара ҧку  ахәыҷқәа рзы аус зуа Ареспубликатә реабилитациатә центрқәа ацхыраареи, ахаҵгылареи рзыҟанаҵоит.  Афонд  есымзатәи апроектқәа ируаку «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр автомашьына аахәаразы 100 нызқь мааҭ аҧара ҳамҭас ианаҭеит. 

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  Аҟәатәи  ахәыҷтәы реабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит

Иахьа, згәабзиаара ҧку ахәыҷқәа рзы Аҟәатәи ареабилитациатә центр иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, афонд аҟны иаҧҵоу асоциалтә политиказы ахеилак анапхгаҩы  Иулиа Гәымҧҳаи. Дара уахь  нап ҭацәыла имнеит.  Агәыҳалалратә  проект аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареабилитациатә центр афонд ахьӡала ирыҭан хкы рацәала аҳамҭақәа: абзазаратә хархәагақәа, ацәарҭамаҭәақәа, афатә.

Pages

Subscribe to Syndicate