«Агәабзиара»

Всего осуществлено 46 проектов

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ашықәс ҿыц аныҳәа амҩаҧгара иалагеит ақ. Тҟәарчал Ахәыҷқәа рыҿиара ацентр аҭаарала. Ахәыҷқәа рзы иазыхиан узтәызтәуа апрограмма. Уаҟа, ахәыҷқәеи алакәтә фырхацәеи имҩаҧыргеит иеиуеиҧшым аконкурсқәа, ирыҧхьеит ажәеинраалақәа, ироуит аҳамҭақәа. Ҳәарада, ахәыҷқәа рныҳәа ихазынахәха, игәырӷьаччараха имҩаҧысит.

Аныҳәа ахыркәшамҭаз ацентр аҟны изхылаҧшуа ахәыҷқәа зегьы, афонд ахьӡала ироуит ашықәс ҿыцтәи ахаа-мыхаатә ҳамҭақәа.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны имҩаҧысит ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыҧ реилатәара. Аилатәараҟны иалахәын Аҧсны ареабилитациатә центрқәа зегьы рнапхгаҩцәа, Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аиҳабы Игорь Џьопуа, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» аиҳабы Мактина Аџьынџьал, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарратә хшараиурҭа аҳақьым хада Белла Ԥлиа.

Мышқәак раҧхьа, Ермантәылантәи дхынҳәит Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым- атравматолог, Аррахәышәтәырҭаҟны атравматологиатә ҟәша аиҳабы - Гьаргь Морохиа. Иара Ермантәыла, ақалақь Ереван аҟны «Ицқьоу Анцәа иан» Еревантәи ахәышәтәырҭаҟны абҵарамза 10, 2019 ш. инаркны 30-нӡа иҧышәа аизҳара дахысуан.

Зыӡбахә ҳәоу аҧышәахысра амҩаҧгара алшара аиуит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" иабзоураны. Ари аҭаара еиҿнакааит иара убас ахарџьқәа зегьы ахахьы иагеит афонд.

Ермантәылантәи Аԥсны иаҭааз аҳақьым-аортопед  Овсеп Даниелиан хәымш ирылагӡаны 70-ҩык ДЦП ачымазара змоуи, иара убас егьырҭ ачымазара зыцны ииз ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигеит. Агәаҭарахь инеиз ахәыҷқәа рахьынтә иҟан аҳақьым раԥхьаӡа акәны згәаҭара мҩаԥигоз. Иҟан иара убас егьырҭ Овсеп Аветик-иԥа уаанӡа аоперациа  ззиухьаз ачымазаҩцәагьы. Урҭ ргәабзиара шеиӷьхаз иаразнак иубарҭан.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа иаҭааит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр «Асаркьал». Афонд афинанстә цхыраарала ацентр ахыбра аҟны имҩаҧыргеит арҽеиратә усурақәа. Уаҟа аҭыҧ аанакылеит зықәра маҷу ахәыҷқәа аус ахьрыдыруло ауада.

Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр «Асаркьал», иара убас Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҭабуп ҳәа иарҳәоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент Аспикер ихаҭыҧуаҩ Сангәлиа Михаил Петр-иҧа, ацентр адгьылҵакыра арҭбааразы ацхыраара ахьаиҭаз.

Апроект „Агəабзиара“ аҳəаақəа ирҭагӡаны „Жəларбжьаратəи афонд Аҧсныи“, Ростов ақалақь аҟынтəи  анаплакы „Биофармеи“ ҩаҧхьа ацхыраара  рырҭоит Аҟəа ақалақь аҿы иҟоу Ареспубликатə хəыҷтəы хəышəтəырҭа аҧҟарҭатə ҟəша.
Ааигəа, аҧҟарҭатə ҟəша еиқəыршəан ҳаамҭа иақəшəо аҧҟарҭатə стол ала, иахьа, Ареспубликатə хəыҷтəы хəышəтəырҭа аиҳабы Игор Џьапуа  иҭан аҧҟара злаҟарҵо аинструментқəа.

Иахьа, Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ҳамҭас иаиуит ҳаамҭазтәи амыругақәа аҧҟарҭатә зал азы. Ас еиҧш иҟаз  аусмҩаҧгатә еиҿкаан  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацхырааралеи, ростовтәи аилахәыра  «Биофарма» абзоуралеи.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьапуа еизаз зегьы  аҧсшәа реиҳәеит.  Иазгәеиҭеит, иахьа Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ҳаамҭа иақәшәоу амыругақәа рыла ишеиқәыршәоу.

Иҟаҵаз ацхыраара иартәоит 900.000 нызқь мааҭ, афинанстә харџь хада ахахьы иагеит  аилазаара «Биофарма».

Абар ахыркәшарахь инеит Ермантәылантәи ареабилитолог Аҧсны лҭаара. Ареабилитолог Аҧсны лыҟазаара иалагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» рхаҭарнакцәеи лареи русеицзура иабзоураны иаҭааит Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Очамчыра, иара убас Аҟәа ақалақьқәа рреабилитациатә центрқәа. Аҳақьым инарҭбааны дазааҭгылеит ацентрқәа зегьы русура аҷыдаҟазшьақәа, анаҩс ирылҭеит хәы змоу, ахәыҷқәа рыхәышәтәреи, ареабилитациеи ирызку абжьгарақәа, иара убас иаҭаху амедицинатә маҭәахәқәа раахәаразы арекомендациақәа.

Иахьа, Ассоциациа «Инва-Содействие» аусбарҭаҟны зымаха-зышьаха еибгам ауааҧсыра ирыҭан арныҟәагақәа.

Ас еиҧш иҟаз ацхыраара   алыршахеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» Ассоциациа «Инва-Содействие» рыбзоурала. Зегь раҧхьа иргыланы Швеицариа атәылауаҩ, еснагь ҳәа Аҧсныҟа нхара иааз Манфред Петрич  ииаирҧшыз агәыҳалалра ацхыраарала. Манфред Петрич, изныкымкәа адгылара риҭахьеит зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ауаа, иара убас Ешыратәи ашкол, аҟазара аусзуцәа, еиуеиҧшым аусбарҭақәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» Ростовтәи анаплакы «Биофармеи» русеицзура иабзоураны ацхыраара рыҭан Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи рреабилитациатә центрқәа.

Ас еиҧш иҟаз ацхыраара ҟаҵан, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь ареабилитациатә центрқәа рҟынтә иаашьҭыз арзаҳалқәа инарықәыршәаны.

Акондинционерқәа, амассажтә столқәа, амедицинатә маҭәахәқәа, иара убас згәабзиара ҧку ахәыҷқәа рзы  арҵагатә техника, еиуеиҧшым абзазаратә маҭәахәқәа, атренажиорқәа уҳәа, ахарџь иартәоит миллион мааҭ иназынаҧшуа.

Pages

Subscribe to Syndicate