Аҧсуа бызшәа акурсқәа хәыда-ҧсада арҵара
12/06 2017
Иахьа, арҵаратә центр «Академиа» аҟны имҩаҧысит хатәгәаҧхарала аҧсуа бызшәа арҵаразы хәыда-ҧсада еиҿкааз апроект аихшьаала. Фымз иалагӡаны акурсқәа ирхысуан 50-ҩык.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, афонд аҟны иаҧҵоу аҧсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуеи иазгәарҭеит, аҧсуа бызшәа арҵаразы еиҿкаау акурсқәа алҵшәа бзиа шааарышьҭуа. Абызшәа ззымдыруаз астудентцәа, уажәшьҭарнахыс алшара рымоуп рхатәы бызшәала ацәажәара.
«Ҳарҭ даара агәахәа ҳнаҭоит шықәсыбжак аҧхьа ихацыркыз апроект егьырҭ аиҿкаарақәа рзы иҿырҧшы бзианы иахьыҟалаз. Иаҳҳәозар, аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы хәыда-ҧсада акурсқәа аанартит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, администрациеи русзуцәа рзы аҧсуа бызшәа дырҵаразы»-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ари апроект аҧхьаҟагьы аҿиара анаҭоит, хымҧада аҧсуа бызшәа аҵара зҭаху, иазҿлымҳау рхыҧхьаӡарагьы еизҳап.
- «Абызшәа Аҵарҭа Центр -Академиа» 2018 шықәса зҵара хзырқәшаз асертификатқәа ранашьоуп
- Ҭырқәтәылатәи аспециалистцәа «Академиа» арҵаҩцәа рзы атренингқәа мҩаҧыргеит
- Аҵарадырратә центр «Академиеи» атуризми, асервеси, афатә ааглыхреи Еревантәи аҳәынҭқарратә коллеџьи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
- Иуль 2, 2016 ш. азы, аҵарадырратә центр "Академиа" аҵарашықәсазтәи аихшьала мҩаҧнагеит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», Арҵаратә центр «Академиеи» , аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит.