Ҭырқәтәылатәи аспециалистцәа «Академиа» арҵаҩцәа рзы атренингқәа мҩаҧыргеит

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ааҧхьарала,  Ҭырқәтәылантәи аҵарадырра аганахь ала ҳтәыла иаҭааит  ҳџьынџьуаа  Фиген Ашьхарааҧҳаи Иасемин Оҭырҧҳаи. Фиген Ашьхарааҧҳа,  Адаҧазар ақалақь аҿы абызшәа ашкол аҟны аус луеит, Иасемин Оҭырҧҳа, Сҭампылтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа дырдокторуп.

Афонд апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҵарадырратә центр «Академиа» аҟны, Ҭырқәтәылатәи аспециалистцәа хәымш арҵаҩцәа рзы арҵаратә методологиа ахырхарҭала атренингқәа мҩаҧыргеит.  Арҵаратә центр «Академиа» аҵара апроцесс ахә ҳаракны иршьеит, убри аан иазгәарҭеит  азнеишьа ҿыцқәа алагалазарц.

 Фиген Ашьхарааҧҳаи, Иасемин Оҭырҧҳаи аҭааит иара убас, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа.  Урҭ рыдыркылеит афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиеи, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи.  Аиҧылараҟны еибыҳәан агәаанагарақәа, аҵареи акультуреи рхырхарҭала ирылацәажәан азҵаарақәа. 

 

Subscribe to Syndicate