Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Емма Гамсаниаҧҳа, адемографиазы лгәаанагара

Азакәанҭҵаара аганахь ала исҳәарц исҭаху,  еиуеиҧшым аамҭақәа рзы, хырхарҭа рацәала  иҳадаҳкылаз азакуанқәа ыҟоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, адемографиа аганахь ала иҳадаҳкылеит азакуан «Ани ахшареи рзинқәа рыхьчара, урҭ рыцхыраара». Ари азҵаара, еиуеиҧшым агәаанагарақәагьы цәырнагеит ҳҳәынҭқарраҿы. Азакуан,  зны аус ианаҧырхагоу ыҟоуп, зны иара ашҟа уанхьанарҧшуа ыҟоуп. Иагыу иабзоу ыҟазаргьы, ҳахшыҩқәа еилаҵаны иҳариашаша азҵаарақәа рацәаӡоуп, аҧхьаҟа иҵегьы имҩақәҵатәуп, иҭҵаатәуп. Адемографиа азҵаара иазҿлымҳам уаҩ дыҟоуп ҳәа сыҟаӡам иахьа. Уи даара ихьаа дуны иҳамоуп зегьы.  Ҳазлацәажәо азҵаара аҟны, азакуан ҧшра иарбану? Ахҧатәи ахәыҷы даниуа ҳәа иҳадаҳкылаз азакуан 50 нызқь мааҭ шиоура ҳәа азгәаҭоуп. Макьана ишахәҭоу аусура иаламгаӡац. Азҵаара цәырҵуеит раҧхьа ииз, аҩынтә раан ииз ҳәа. Ахшара рныҟәгара зылшо, амал змоу ауаа,  рыхшара рхыҧхьаӡара маҷуп.  Ақыҭақәа рҟны инхо, ахныҟәгара зцәыуадаҩу аҭаацәарақәа, урҭ ахшара рацәа рықәыҧсоит. Аҧсҭазаара, зегьы  ҧышәак-ҧышәак ҳнаҭахьеит. Агхақәа еснагь иҟан, иахьагьы иҟоуп. Аинтеллегенциа ҳаидтәаланы, иҵару азҵаарақәа шьҭыхны ҳрылацәажәалароуп, иарбан зҵааразаалак, акы хьысҳаны иаанаҳмыжьроуп. Аҳәынҭқарра инаҷыданы, адемографиа адгылара аус аҟны «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иҟанаҵо рацәоуп.  Асоциалтә ҟазшьа змоу апроектқәа еиҿнакаауеит, уи аҧсҭазаара иаланарҵәоит. Ҳдиаспора рхаҭарнакцәеи ҳареи ҳаидгылароуп ари аус аҟны. Ажәлар ателехәаҧшра иахәаҧшуеит. Зегьы рнапқәа рҟны агазеҭқәа  неиртә еиҧш аҭагылазаашьа ыҟам. Аҧсуа телехәаҧшрала аҧсышәала адырраҭарақәа еиҿкаалатәуп. Узлацәажәаша атемақәа рацәаӡоуп, ауаа  рҟынӡа инарҭбааны инагалатәуп. Ажәа ҧшӡақәа рнаҩсангьы, аус ииашаны имҩақәҵалатәуп. 

Subscribe to Syndicate