Жәларбжьаратәи аимадарақәа
Ӷәынџьиа Максим Харитон-иҧа
Жәларбжьаратәи аимадарақәа рхеилак
Ауаажәларратә еиҿкаарақәа русурақәа рҟны, еиҳаракгьы Аҧсназы, Жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара, рырҿиара ихадароу аҭыҧ ааныркылоит. Иарбан еиҿкаразаалак, ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арҿиара знапы алакыу, иааиҧмырҟьаӡакәа аусеицура рыбжьазароуп, дара ахьынхо атәылақәеи дареи рҟны.
Ишдыру еиҧш, аҳәынҭқаррақәа зегьы, Аҧсны ахьыҧшымра астатус азхарымҵаӡац. Убри аамҭазы, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, иофициалтәым ахаҿра змоу цҳаны иҟаларц алшоит иҳәынҭқарратәу, иофициалтәу аструктурақәа рҟны.
Иара убас, даара хра злоу акакәны ҳаҳәаҧшуеит Аҧсны аӡыргара, агеополитикатә ҽыҧсахрақәа рҟны, имҩаҧысуа аҭагылазаашьа анализ аҭара.
- ‹‹‹
- 2 of 2