Сынтәа, 115ш. ихыҵуеит Омар Баирам-иҧа Беигәаа.

Сынтәа, 115ш. ихыҵуеит еицырдыруа аҵарауаҩ, апоет, ауаажәларратә усзуҩ, «Ахьӡ-аҧша» актәи аҩаӡара занашьоу, Омар Баирам-иҧа Беигәаа.
Убри инамаданы, ҳҳәынҭқарраҿы иаҧҵоуҧ Омар Беигәаа игәалашәаратә усмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы, Аҧсны аҧыза-министр Артур Амқәаб напхгара зиҭо акомиссиа. Акомиссиа алахәылацәа ируаӡәкыуп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа, афонд аҟны иаҧҵоу аҧсуаразы ахеилак анапхгаҩы, аиҭагаҩ Оқтаи Ҷқотуа.
Иуль 1, 1901шықәсазы, Ҭырқәтәыла, Ефҭениа ақыҭаҿы диит, Омар Баирам-иҧа Беигәаа. Иаб Баирами, иан Мкыд Шамҧҳаи, амшын нырцә, зыҧсы еиқәхаз аҧсуаа ирылашәеит. Издыруадаз усҟан, Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәаз аҧсуаа дышрылиаауаз, заҧхьаҟа ишарҧыеҵәаны иҩаҵхахаз, зыхьӡ нагахаз ауаҩы лаша, аҵарауаҩ ду-Омар Беигәаа.
Илшамҭа дуқәа рзы аҵарауаҩ иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь ианашьан Аҧсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аҳамҭа - "Ахьӡ-Аҧша" аорден актәи аҩаӡара.
Иара убас, Аҟәа амҩадуқәа руак ихьӡ ахҵан. Октиабр 3, 2013 шықәсазы иаартын "Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рҭоурых амузеи". Уи еиднакылоит XV-XXI ашәышықәсқәа ирыҵаркуа аҳәаанырцәтәи аҧсуаа рҭоурых. Амузеиаҿ хазы еиҿкаауп аҵарауаҩ Омар Беигәаа иуада. Ара ицәыргақәҵоуп аҵарауаҩ инапы иҵихыз аусумҭақәа рыхәҭак, имаҭәарқәа, имаҭәа, ибаҟа.
«Ашықәс рацәа шҳабжьоугьы, Омар Беигәаа хаҭала дыздыруан, ҩынтә-хынтәгьы иҩны снеихьан. Дырмит Гәлиа аҧсуа литератураҿы иаанаикыло аҭыҧ ахаҭаҧсаҭоуп Омар Беигәаа, адиаспора рҿы ҭыҧс иааникыло. Ҳара ҿбызшәа, ҳҭоурых, ҳмифологиа уҳәа, хьаас ишьҭыхны, нап рыдкыланы, ааҧсарак ҟамҵакәа, аус рыдулара даҿын. Омар Беигәаа иусумҭақәа роуп ҳдиаспораҿы ҳара ҳмилаҭ хдырра еиқәзырхаз. Ҳажәлараи, ҳбызшәеи ижәытәӡатәиу аҭоурых ҵаула шрымоу, иара илоуп ишеилаҳкааз. Сара абыржәгьы бзиа ибаны срыҧхьоит иҩымҭақәа, исарҳәогьы даара ирацәоуп.
Аҧсуареи, аҧсшәеи бзиа збоз, уи иацназгоз агәыбылра ду злаз уаҩ дуун Омар Беигәаа. «Адунеи ажәытәӡатәи аҭоурых ҭуҵаар уҭахызар, археологиа аасҭа, абызшәоуп ухы иаурхәаша. Аҧсуа бызшәа аус адуулацыҧхьаӡа, есааира аартра ҿыцқәа узцәырҵуеит, шаҟа ижәытәӡатәиу абызшәақәа ишыруаку иара ахаҭа иунарбоит»-иҳәалон Омар Бигәаа.
Омар Бигәаа, иаҳҳәарц ҳалшоит наунагӡа иҧсы ҭоуп ҳәа. Избанзар, иҩымҭақәа ссирқәа ҳрыҧхьоит, иара иабжьгарақәа иахьагьы ҳамҩа дырлашоит»-ҳәа азгәеиҭоит Оқтаи Ҷкотуа.
«Иаҳҳәарц ҳалшоит, Омар Беигәаа, аҧсуа жәлар рзы нцәахәык диҩызан ҳәа. Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи, аҭоурыхтә ҧсадгьыли цҳас дрыбжьан. Иара дышқәыҧшыз инаркны, аҧсуара аҭҵаара иҽазикит. 1975 шықәса, октиабр мзазы, раҧхьаӡакәны Ҭырқәтәылантә гәыҧҩык аҧсуаа рҽааибаркны рыҧсадгьыл рбарц Аҧсны иаҭааит. Убри агәыҧ еицыз дрылан Омар Беигәаа. Знык забдуцәа рџьынџь зшьапы ықәзыргылаз, лабҿаба зыҧсадгьыл алакҭа иҭаҧшыз Омар Беигәаа, анаҩстәи иҧсҭазаара, минуҭкгьы уи аӡбахә мҳәакәа, инапы иҵымхкәа имҩамсит. Аҵарауаҩ ду ҳажәлар рҭоурых уасхырс иазышьҭеиҵеит аҩымҭа лыҧшаахқәа. Хымҧада, Омар Беигәаа ихьӡ, илша, иџьабаа, еизҳауа аҿар ирдыруазароуп. Игәалашәара ахааназы хашҭра ақәлом ҳара ҳзы»-иҳәеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа.
Аҳәаанырцә инанагаз аҧсуаа атәым дгьылаҿ рхаҿра еиқәдырхарцаз, имҩақәҵаганы илашарбагоу цәымзак рзазыркуаз Омар Беигәаа, Аҧсныи, аҧсуа жәлари, ҳҳәынҭқарреи рҟны, илшамҭа ду шьарда ирацәоуп!

Subscribe to Syndicate