Сонер Гогәуа: Владислав Арӡынба, игәалашәара ӽацуп…

Сара сыҧсҭазаараҿы исхамшҭуа ахҭысқәа рацәоуп. Ҭырқәтәыла ҳанынхоз ҳаиҳабацәа реиҭаҳәамҭақәа рыла иаҳдыруан Апсны ҳәа аҧсадгьыл шҳамаз, ҳандуцәа ҳабдуцәа мчымхарала иахьықәцаз аҧсуа џьынџь дгьыл шыҟаз. Урҭ имырӡкәа, еиқәырхан иаҳзеиҭарҳәаз аҭоурых, хымҧада анырра ӷәӷәа ҳарҭеит. Ҳара ашкол ахь ҳанныҟәоз, аҵара ҭырқәшәала акәын ҳшахысуаз. Аҧсныи ҳареи иҳабжьаз аимадара хьысҳан. Ҳазшаз разҟыс исиҭеит Аҧсныҟа саартә, сынхартә, сыҧсҭазаара сыҧсадгьыл аҿы имҩасыртә…

Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада, Владислав Арӡынба аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы илиршаз акырӡа ирацәоуп. Ас еиҧш иҟаз ауаҩ хатәра данҳаҧха анаҩс ауҧ дзыҧсаз еиҳагьы ианеилаҳкаа, иҟамзаара анаҳныр. Аҧсны адәныҟатәи, аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьа ҳанахәаҧшуа, иҳамбарц залшом, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа уадаҩ иалганы, ҳхатә политика амҩаҧгара акыр ишыуадаҩыз. Аха, амҩа ахыҵхырҭақәа ҧшааны, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ҳареи агәылеимабзиаратәи, аусеицзуратәи еизыҟазаашьақәа азгәаҭаны, Владислав Григори-иҧа идырра ҳараки, иҧышәа ҵаулеи ирыбзоураны, Аҧсны аизҳазыӷьара амҩа ианылеит. Аҧсны аҭоурыхи, аҧсуа жәлари рзы, Владислав Арӡынба, наунагӡа дҧызаны даанхоит.

Владисла Арӡынба, ажәлар рапҳьа игылаз аҳәынҭқарра Ахада иакун, аха ажәлар убриаҟара дырзааигәан, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа ихы наигон, уизааигәаитәуан. Уи иҟазшьа аҷыдара бзиақәа иреиуаны исыдыскылоит. Ҳарҭ аҧсуаа ҳҵас, ҳқьабз, ҳкультура, ҳахдырра, даҽа милаҭк иаламҩашьо иҟоуп. Владислав Арӡынба, ҳагәҭыха, ҳгәырӷьара,иҧшаауан, абжьгарагьы ҳаиҭон, уи азы аҭагылазаашьагьы ҳзаҧиҵон. Адиаспореи, арепатриацеи рызҵаарақәа ҷыдала дрызнеиуан.

Даара ацхыраара, ахаҵгылара ҳаиҭон. Иара имчалоуҧ аибашьра анцоз аамҭазы, рапҳьа ишеиҿкаахаз арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы, еиҳабысгьы даман Нугзар Нури-иҧа Ашәба. Шәазхәыц, аибашьра цон, аҟазаареи аҟамзаареи ҳрыбжьагылан. Шаҟа уадаҩра ыҟаз, закәытә еидара хьанҭаз иҟәаҟәа иқәыз, аха иахьатәи амш мацара акәымкәа, уаҵәтәи аҧеиҧш лаша дазхәыцыртә, уи азы аусқәа мҩаҧигартә еиҧш агәаӷьреи, ахшыҩи, адырреи имаз шаҟа иҳаракыз. Ҳаҧхьаҟатәи адемографиа аҭагылазаашьа аҵакы дазхәыцны, илиршеит абас еиҧш иҟаз ахеилак аҧҵара. Владислав Арӡынба, Ҭырқәтәыла, ҳдиаспора ахьынхо рҭаара, закәтә ҵакузеи иамоу?! Уи иуаажәлар рахь имаз агәыбылра, абзиабара, имҩаҧигаз аицәажәарақәа, ақәгыларақәа, ахааназы ҳдиаспора ргәы иҭынҵәом. Ҭырқәтәылеи Аҧсныи ирыбжьаз аихатә гәашәқәа аатуа ианалага, уа инхоз аҧсуаа Аҧсны иадҳәалаз ажәабжьқәа, аҭоурых еиҳа еилыркаауа иалагеит. Аха, рыҧсадгьыл иазкыз адырра наӡа рымамызт. Аҧсны раҧхьатәи аҳәынҭқарра ахада убра даннеи, абас еиҧш иҟоу ажәақәа реиҳәеит: «Аҧсны, ҳзеиҧш ҧсадгьылуҧ ҳзеиҧш ҩнуп. Иахьанӡа, ҳара ахьчара ҳалшеит, уажәшьҭарнахыс шәара шәнапы ианаҳҵоит, абираҟ шәара шәнапаҿы ишәҳаркуеит». Арҭ ажәақәа рҵакы, хымҧада иҳарҳәоз рацәан, иаҵаз ахшыҩҵакгьы ҵаулан. Зегь раҧхьа иргыланы, дуаҩ хатәран, даҧсыуан. Ҳҳәынҭқарра дауасхырын, ҳажәлар драҧхьагылан. Баша имҳәазаап аамҭаказы, ҳпоет ду Баграт Шьынқәба, абас еиҧш иҟаз ацәаҳәақәа: «Жәлар рыбзиабара ҟьалан иааӡом, иалнахыз далнахит, иаҧсам дабаӡом!». Владислав Арӡынба, жәлар рыбзиабара даҧсахеит!

Subscribe to Syndicate