Иаарласны Тҟәарчатәи агәыҳалалра-ааглыхратә ҵараиурҭаҿы иаартхоит акомпиутертә ҽазыҟаҵарҭатә курсқәа.
Иахьа, Тҟәарчалтәи агәыҳалалра-ааглыхратә ҵараиурҭа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала ианашьан акомпиутерқәа ҧшьба. Иара убас, Тҟәарчал араион афонд ахаҭарнакс аусз зуа Виолетта Бигәааҧҳа лзы компиутерк. Аҳамҭақәа рыманы Тҟәарчал араион иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, асоциалтә политика ахеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа, арепатриациеи адемографиеи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳа.