Ҧхынгәы 23, 1992ш рзы, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵара аднакылеит Аҳәынҭқарратә бираҟи, агерби рыдкыларазы.

Иарбан ҳәынҭқарразаалак иамоуп иара ахатә ҭоурых, ахатә бираҟ.  Абираҟ-ажәлар знысыз рҭоурых иаҿахәҳәагоуп. Аҧсны абираҟ аҭоурых-ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә кәҧараҿы, ахатә ҭыҧ ҷыда ааннакылоит.

«Даара иуадаҩын усҟантәи аамҭазы иҟаз аҭагылазаашьа. Апарламент аҩныҵҟа аибарххарақәа, аиҿыхарақәа цон. Ҳәарас иаҭахыузеи, ақырҭқәа аҿагылан ари аус. Дара ирҭахын иҳадаҳкылоз  аҧсуа герби абираҟи,  ақырҭуа елементқәак алагалазарц. Уи аҩыза  ҳара ҳазыразхомызт. Иаҳбон, дареи ҳареи ҳшымеинаалоз, ҳҳәоу шеиқәымшәоз. Аиҿагыларақәа шцозгьы, иҳаулакгьы иҳадаҳкылеит.  Усҟан, Иреиҳаӡоу Асовет анапхгаҩыс иҟаз, Владислав Григори-иҧа Арӡынба, иара убас,  Асовет иалахәыз адепутатцәа иаадырҧшыз аполитикатә хәыцра ҵаула иабзоураны, ари аус аҭыҧ иқәаҳҵеит. Аџьабаа зцыз, аимак-аиҿак зхылҿиаауаз аус аҟны иаарҧштәын ачҳара, аилкаара, азнеишьа иаша. Аҧсуа бираҟи агерби  анҳадаҳкылоз, даара ҳус ирманшәалеит урҭ ҟазҵаз асахьаҭыхҩы,  аҟаза ду Валери Гамгиа. Маӡалакәын ишыҟаҵаз, ажәлар рҟны инаганы ицәыраҳгартә, иӡыраҳгартә  еиҧш аҭагылазаашьа ҳамаӡамыз . Егьа уадаҩра ацзаргьы, зегь акоуп иҳалҳаршеит ҳагәҭакы анагӡара.

Subscribe to Syndicate