Декабр 14, 1992 шықәса Лаҭатәи ахлымӡаах.

29 шықәса раҧхьа, Декабр14, 1992 шықәса рзы, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа гәымбылџьбарыла иҭадырхеит, Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иҵҧрааз, аҭынч уааҧсыра зҭаз, Урыстәылатәи аверталиот Ми-8. Ажәҩан иалаблыз 85-ҩык рахьтә иҟан 38-ҩык ахәыҷқәа…

Ари ахҭыс хлымӡаах, иахьа уажәраанӡа, иахәҭоу  жәларбжьаратәи ахәшьара маиуӡац. Ҳарҭ еснагь ргәалашәара ҳацуп…

Аҳауа иалаблыз ахәыҷқәа

Апоетесса Инна Аҳашҧҳа, амаалықьцәа хәыҷқәа, Лаҭатәи ахлымӡаах аҳауа иалаблыз ирыхьӡынлҩылаз :

… Ҳаҧсуа жәлар ирхыргахьо атрагедиа уаналацәажәо, угәы ҿызкаауа акәны иҟалеит Декабр 14, 1992шықәса. Усҟан, Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иҵҧрааз, аҭынч уааҧсыра зҭаз аҳаирплан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭадырхеит Лаҭа ақыҭан. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо, аҭоурыхтә ӡеибафарақәа иҟалахьо рҿы, ари аҩыза агәыҭшьаага,  аҭыҧ амамзар ҟалап. Ари гыгшәыгтә ҟазшьоуп. Аҳаирплан иҭаз хәыҷи-дуи, икьаасуаз асабицәа,  анацәа рыҵәаабжь уҳәа, ҳаҧсабареи, ҳадгьыли, ҳажәҩани  ирзымычҳауазар ҟалап урҭ ргәынқьбжьы.

Аибашьраҿы иухамшҭуаз ахҭысқәа шыҟазгьы, ари амш, аҭоурых адаҟьақәа ирнымҵуа хлымӡаахны иаанхеит. Уижьҭеи аамҭа ҧыҭк шыбжьалахьоугьы, ахәрақәа рыхәышәтәра залшом. Уи аҽны, қыҭацыҧхьаӡа игоз анацәа рыҵәааҵәабжьы, улымҳа иҭаҩуа иаанхеит иахьагьы. Ари агыгшәыгтә хҭыс иалаӡит зыбз ада зыхәламыз аҧшқацәа. Ари ахҭыс иааннажьит хашҭра зқәым, угәаҵа збылуа агәалашәарақәа, угәы ҭызшьаауа ацәаҳәақәа. Иҟоуп аҭаацәа хәҩы-фҩы ахьҭахаз, зыҩнашәқәа акыз, аҧсҭазаара агьама ахаара зцәыӡыз. Абарҭқәа зегьы ҳажәлар ҧышәак аҳасабала ирхыргар акәхеит. Сара сқыҭа Ԥақәашь иалҵыз, уи аҳаирплан иҭаблыз аӡәырҩы ыҟоуп. Ажәҩан ҧҽны аеҵәақәа аман илбаауазшәа, убас схаҿы иааиуеит абри ахҭыс иахьа уажәраанӡа. Убри акәхап исзырҩыз, аҳаирплан аҿы иҭахаз, ешьарала исзааигәаз шықәсык зхыҵуаз ахәыҷы  Царҧица Аҳашҧҳа илызкыу ацәаҳәақәа.

Схьычҧыҧыр хәыҷы…
Схьычҧыҧыр хәыҷ схьычҧыҧыр хәыҷ,
Ажәҩан иалаз Анцәахша.
Схьычҧыҧыр хәыҷ схьычҧыҧыр хәыҷ,
Избан  быеҵәахә заҿдыршәа?
Изгәаӷьыда  быҧсаҭбара, зхала зхызаҵә згәы иҭашәаз,
Игәазҭада ҳаҧсапара, зышҳам ала згәаҵӷа ҿҵәаз.
Сымаалықь хәыҷ быҧсы цама, жәҩан иаҵәаны илашаларц,
Ашьха рҩашқәа ашәа рҳәама, гарашәан ибаҳларц.
Рымҵәыжәҩақәа ылаҧыбҵәеит башьцәа хәыҷқәа згәы ҭашьу,
Ӷьашьа змамыз ахәра аныбҵеит, баб иҩнаҭа бышьҭа зну.
Ибхамшәалоз бангьы дбыцуп, шәнапқәа еибаркны шәныҟәала,
Баб иҩнаҭа агәырҩа рҿыцуп, са смаалықь хәыҷ бымшала,
Ашҳам цҳауа ҳадгьыл иқәлаз, бара  бҟынӡаҵәҟьа инаӡеит,
Аҧшқа ныҟәацәа ба ибықәлаз, агыгшәыг напқәа иргеит,
Схьычҧыҧыр хәыҷ сыҧшқа ныҟәа, ҧсаатәҵас ажәҩан базцала,
Агәырҩа иафаз баб иҩныҟа, бҧырны зны-зынла баала.
 
  1. Абшьлаа-Коӷониа Аида Заур-иҧҳа (19ш)
  2. Абшьлаа Адгәыр  Џьамал-иҧа (7ш)
  3. Абшьлаа Денис  Џьамал-иҧа (10ш)
  4. Адлеиба Альберт Сергеи-иҧа (17ш)
  5. Амҷба Беслан Ваниа-иҧа (5ш)
  6. Амҷба Гәында Ваниа-иҧҳа (7ш)
  7. Анцупов Владимир Владимир-иҧа (45ш)
  8. Қәҭелиа-Асабуа Мрамза Ражьден-иҧҳа (29ш)
  9. Асабуа Кристина Адгәыр-иҧҳа (8ш)
  10. Асабуа  Станислав Адгәыр-иҧа (5ш)
  11. Асланӡиа Баҭал Алеқсеи-иҧа (26ш)
  12. Барганџьиа-Адлеиба Алла Чути-иҧҳа (40ш)
  13. Бекалдиев Феликс Шамел-иҧа(34ш)
  14. Ведиоркина Ирина Иван-иҧҳа (15ш)
  15. Гамсаниа-Норманиа Светлана Габ-иҧҳа (42ш)
  16. Шьербакова-Гамсаниа Татиана Владимир-иҧҳа (21ш)
  17. Гамсаниа Аделина Геннади-иҧҳа (2ш)
  18. Гәарамиа-Папасқьыр Снежана Виачеслав-иҧҳа (18ш)
  19. Ӷәынџьиа Жанна Нури-иҧҳа (29ш)
  20. Гергиа Руслан Хәыхәыт-иҧа (40ш)
  21. Шьынқәба-Гындиа Аида Анатоли-иҧҳа (22ш)
  22. Гындиа Кристина Ҭемыр иҧҳа (2ш)
  23. Гындиа Елана  Ҭемыр-иҧҳа (1ш)
  24. Гәынба Дырмит Матвеи-иҧа (50ш)
  25.  Џьопуа-Ҵурҵумиа  Емма Ферно-иҧҳа (30ш)
  26.  Џьопуа Емир Родик-иҧа (16ш)
  27. Ӡимистаришвили  Лиа Ҭеимураз-иҧҳа (14ш)
  28. Сангәылиа-Занҭариа Шьазина Взето-иҧҳа (24ш)
  29. Занҭариа Рушьни Даур-иҧа (9ш)
  30. Занҭариа Дауҭ Даур-иҧа (6ш)
  1. Занҭариа Аслан Иван-иҧа (30ш)
  2. Сазонова-Занҭариа Наҭелла…(31ш)
  3. Занҭариа-Абшьлаа Мирина Иури-иҧҳа (26ш)
  4. Қаџьаиа-Аџьынџьал Лиубица Лагә-иҧҳа (50ш)
  5. Какалиа Адгәыр Жьоржь-иҧа (20ш)
  6. Камкиа Кристина Нодар-иҧҳа (10ш)
  7. Камкиа Ека Нодар-иҧҳа (12ш)
  8. Кәыҵниа Алеқсеи Теваз-иҧа (54ш)
  9.  Џьобаа-Кәыҵниа Ҭина Дур-иҧҳа (40ш)
  10. Кәыҵниа Асҭамыр Дырмит-иҧа (8ш)
  11. Кәыҵниа Ҭамара  Дырмит-иҧҳа (5ш)
  12. Кобахьиа-Хашба  Наҭелла Самсон-иҧҳа (45ш)
  13. Ҳашба Царҧица Ерод-иҧҳа (1ш)
  14. Коӷониа Валериан Асҭамыр-иҧа (32ш)
  15. Коӷониа Елена Валериан-иҧҳа(аҧшқа)
  16. Коӷониа Мурман Валериан-иҧа (27ш)
  17. Гогәуа-Кәартаа Нона Шьоҭа-иҧҳа (28ш)
  18. Кәартаа Даур  Нодар-иҧа(5ш)
  19. Қәачахьиа Нугзар Алеқсеи-иҧа (32ш)
  20. Киут-Қәачахьиа Лиана Хәта-иҧҳа (32ш)
  21. Қәачахьиа Ҳанифа Нугзар-иҧҳа (1ш)
  22. Лагазашвили-ҧачлиа Фатима Гьаргь-иҧҳа (29ш)
  23. Нанба-Амҷба Марина Қымса-иҧҳа (46ш)
  24. Нанба Инесса  Едуард-иҧҳа (17ш)
  25. Нанба Хьыбла Едуард-иҧҳа (15ш)
  26. ҧачлиа Лаша Вахтанг-иҧҳа (60ш)
  27. ҧанҵулаиа-ҧачлиа Валентина  Џьоџьа-иҧҳа (50ш)
  28. ҧачлиа Гьаргь Вахтанг-иҧа (8ш)
  29. ҧачлиа Даҭо Вахтанг-иҧа (12ш)
  30. Сангәылиа Мадонна Қыбеи-иҧҳа (32ш)
  1. Ҭҳаиҵыкә Автондил Ҷыҷыкәа-иҧа (20ш)
  2. Цеиба-Ҷкадуа Ҷыҷка Хәыршьыҭ-иҧҳа (65ш)
  3. Ҵурҵумиа Рамаз Гьаргь-иҧа (26ш)
  4. Ҵурҵумиа Адгәыр Рамаз-иҧа (4ш)
  5. Ҵурҵумиа Адамыр Рамаз-иҧа (аҧшқа)
  6. Бериушова-Ҵурҵумиа  Ельвира  Виктор-иҧҳа (31ш)
  7.  Ҵурҵумиа Асҭамыр  Реваз-иҧа (8ш)
  8. Чачхалиа Гьаргь Гиви-иҧа (8ш)
  9. Акаба-Ҷыҭанаа  Џьульетта Гиви-иҧҳа (18ш)
  10.  Ҷыҭанаа Алхас  Коба-иҧа (4ш)
  11. Чачхалиа-Камкиа Леила Уарлам-иҧҳа (34ш)
  12. Чачхалиа Леила Гиви-иҧҳа (12ш)
  13. Ҷкадуа Алла Гьаргь-иҧҳа (40ш)
  14. Ҷкадуа Роза Гьаргь-иҧҳа (35ш)
  15. Ҷкадуа Гарри Елик-иҧа (20ш)
  16. Ҷкадуа Р.И. (16ш)
  17.   Ҷыҭанаа-Шьакаиа Маиа Фридон-иҧҳа (29ш)
  18.  Шьакаиа Регина Иван-иҧҳа (29ш)
  19.  Шьакаиа Лаша Реваз-иҧа (2ш)
  20. Шьакаиа Санта Реваз-иҧҳа (4ш)
  21. Шаов Руслан Билиал-иҧа (24ш)
  22. Емырхәба Сусанна Шамил-иҧҳа (32ш)

Аекипаж

  1. Илиухин Сергеи Николаи-иҧа (24ш)
  2. Маскин Валериан Геннади-иҧа (23ш)
  3. Евдокимов Сергеи Пиотр-иҧа (26ш)
Subscribe to Syndicate