Аҧснытәи Аӽәынҭқарратә Хортә Капелла 45-шықәса ахыҵит.

Ҳреспубликаҿы имҩаҧысуеит аҳәынҭқарратә хортә капелла аиубилеитә концерт.
Акыр иаҧсоу ахортә капелла апрофессионалтә коллектив! "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахьӡала, гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит 45 шықәса шәхыҵра. Ари аамҭа иалагӡаны, шәҟазареи, еицакра зқәым шәааҧсареи ирыбзоураны, шәара ишәылшәыршеит шәыхьӡ ахара инеиҩыртә еиҧш аҟаҵара. Имариамызт уи амҩа. Иахьа уажәраанӡа уи қәҿиарала шәануп. Агәра ганы ҳаҟоуп уи аҧхьаҟагьы ишеихашәҳауа.  Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ахортә капелла напхгара арҭон аҟазацәа дуқәа: Ражьден Гәымба, Алықьса Чычба, Вадим Судаков, Виачеслав Аиба, Нодар Ҷанба. Иахьа, урҭ рҿырҧшы еизырҳауа, ҳкапелла 20 шықәса раахыс напхгара азылуеит, абаҩхатәра ду злоу адирижиор, Аҧсны жәлар рартистка Нора Џьынџьалҧҳа!

Ҳажәлар ркультуратә музыкатә доуҳатә ҧсҭазаараҿы, ахортә капелла аира, аҧҵара, даараӡа аҵак ду аманы ҳахәаҧшуеит. Ҩаҧхьа ишәзеиӷьаҳшьоит ақәҿиарақәа, аихьӡара, аманшәалара. Ахәаҧшцәа рыбзиабареи, рнапеинҟьабжьи наунагӡа ишәыгымзааит! Мҩамш!
 

Ҳаҭырла,
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны"

Ахада
Сенер Гогәуа.

Subscribe to Syndicate