«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ԥшьышықәса ахыҵит

Жәабранмза 12, 2015 шықәса рзы ҳара иаԥаҳҵеит Ауаажәларратә еиҿкаара, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ауаа рыцхыраара хықәкыс иҟаҵаны, иара убас иҳалшо ала ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи адгылара раҳҭарц.

Ԥшьышықәса ирылагӡаны иҟаҵо маҷым. Шәҩыла ауаа ацхыраара рыҭоуп. Апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны  хнызқьҩык ҿыц ииз ахәыҷқәа аҳамҭақәа рызшоуп.

ДЦП ачымазара змоу  17-ҩык ахәыҷқәа Ермантәыла аоперациа рзыҟаҵоуп. Асоциал-економикатә тематикеи Жәларбжьаратәи аимадарақәеи рыҿиара инарымаданы ,  Астол гьежьқәа  жәаба инарзынаԥшуа еиҿкаауп.

Ҳарҭ  жәаба инареиҳаны Жәларбжьаратәи авизитқәеи  аимадарақәеи шьақәҳаргылахьеит.

Афонд имҩаԥнаго еснагьтәи  апроектқәа ааба  рҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿаҳқаахьеит акомпиутерттә классқәа, ашкол аҵаҩцәа ҳрыцхраахьеит, згәабзиара уашәшәыроу  рыхәышәтәра ҳадгылоит, ахәыҷқәа Аԥсадгьыли атеатри рыбзиабара рылаҳааӡоит.

Ҳарҭ  ҳусура аамҭа иалагӡаны зегь иреиҳау ҳамҭаны иаҳзынхоит ҳхәыҷқәа рхы-рҿы ианаҳбаало рыччаԥшь.

Subscribe to Syndicate