«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ҳтәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟны иҟоу ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәа аҳамҭақәа рызнархиеит.

 Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал аус зуа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа еидызкыло ареабилитациатә центрқәа, Ашықәс Ҿыц аламҭалазы, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахәыҷқәа ирызнархиеит аҳамҭақәа. Ашәыра ԥшӡа еиднакылоит ахаамыхақәа. Ари аҩыза акциа раԥхьатәиим, ахәыҷқәа  аҳамҭақәа ранашьан ҵыԥхгьы.

 Иазгәаҭатәуп, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны»  ҷыдала ишазнеиуа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рҭагылазаашьа аиӷьтәра, уи азы иалшоу ахаҵгылара ҟанаҵоит.

 Акыр иаԥсоу  ахәыҷқәа! Ишәыдныҳәалаз ҳазҭалоу Ашықәс Ҿыц! Ҽааныбзиала шәнеиааит!

Subscribe to Syndicate