«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» хәышықәса ахыҵит!!!
12/02 2020
Иахьа имҩаԥысит ҳфонд аҳасабырбатә конференциа. Еизаз асасцәа ирыдгалан афонд хәышықәсатәи аусура иазку ажәахә. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит еснагь аус ҳацызуа алахәылаҩцәа, ҳҳәынҭқарра иатәу ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәа зегьы рхаҭарнакцәа, агәыҳалалратә фондқәа «Ашана» , «Кьараз» ахаҭарнакцәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аспонсорцәа- аилахәырақәа «Абхазморпром», «Импро», аус ҳацызуа аилахәыра «Биофарма», ауаажәларратә политикатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, иара убас ҳхықәкқәеи , ҳагәҭакқәеи ҳацеиҩызшо ауаа.
Афонд хәышықәсатәи аусура иалагӡаны ацхыраара рыҭан 5492-ҩык ауааԥсыреи 94 еиҿкаареи.
Апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, 20-ҩык ахәыҷқәа ирызун аԥҟарақәа, иара убас ирхысит аҽыхәышәтәрақәа. 600-ҩык ахәыҷқәа амедгәаҭарақәа рзымҩаԥыргеит, абжьгарақәагьы роуит. Апроект «Атеатри ахәыҷқәеи» ахь иаҵанакит 540-ҩык аҵаҩцәа. Ҳапроект «Адырра ҿыц» зҳәаақәа рҟны иҳарҿио ҳаамҭазтәи атехнологиақәа, акомпиутертә дыррақәа аҟна ацхыраара раҳҭеит 14 еиҿкаара. Ашколқәа 9 ироуит аспорт маҭәахәқәа, 182 аҵаҩҵәа ироуит ашколтә шәҵатәымаҭәеи, аҵараҿы рхы иадырхо амаҭәарқәеи. 246-ҩык ауааԥсыра рынхарҭатә ҭагылазаашьа еиӷьаҳтәит, ироуит иаҭаху абзазаратә техника. Ҳфонд зегь иреиҳау, зегь раасҭа ихадоу апроект «Ани Амаалықьи» ахь иаҵанакит 3670-ҩык фымз рҟынӡа зхыҵуа амаалықьцәа, урҭ ироуит ан лысаби иааӡараҟны лхы иалырхәо иаҭаху амаҭәахәқәа.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иарбан «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» иазку афильм иаазыркьаҿны. Иҳәан ажәа хаақәа рацәаны. Аиҩызаратә ҭагылазаашьа ари аусмҩаԥгатә лҵшәаны иазыҟалеит.















.png)








