«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аделегациа Исламтәи Аҳәынҭқарра Иран аҟны.

Иран Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахадеи, Аус знапы алаку аҳәсақәа р- Ассоциациа ахадеи рааԥхьарала «Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны» ахада Сонер Гогәуеи , афонд аҟны Асоциалтә политиказы акомитет анапхгаҩы Иулиа Гәымԥҳаи  иаҭааит Исламтәи Аҳәынҭқарра Иран, ԥхынҷкәынмза 2019 шықәса рзы.

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟны еиҿкаан иеиуеиԥшым абизнестә секторқәа рхаҭарнакцәа реиԥылара. Уаҟа ирылацәажәеит иеиуеиԥшым, атуризм аусхк аҟны,  иара убас Иран аҟны ибзианы иҿио амедицинатә туризм аҟны аусецура  рызҵаарақәа. Иара убас ирҭааит иеиуеиԥшым анаплакдуқәа.

«Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны» аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны хықәкыс иамоуп афондыи егьырҭ атәылақәеи рыбжьара аусеицура ашьақәыргылара, аҿиара.

Афонд ахада, Сонер Гогәуа ирантәи аганахьала ахаҵгылареи, азҿлымҳареи иоуит ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа  рыҿиараҟны Аԥсныи, Нхыҵ Урыстәылеи ралархәразы. Хәҭакахьала,  иазгәаҭан Ҭырқәтәылантәи  Нхыҵ Кавказынтәи, иара убас  Урыстәылантәи  Аԥсныҟа ирантәи атауарқәа рхәаахәҭратә транзит аҿиара азҵаарақәа. Асеиԥш  иҟоу аусеицура, хымԥада, иаанартуеит иеиуеиԥшым ашәқәа Исламтәи Аҳәынҭқарра  Иран азы, иара убас хырҳагас иҟоуп апроцесс алахәылацәа зегьы рзы.

Иара убас еиҿкаан ақалақь Тегеран ауниверситет анапхгареи,  апедагогикатә коллективи реиԥылара.  Уаҟа ирылацәажәеит аҵарадырра аҟәшаҟны русеицура азҵаарақәа. Иран Аус знапы алаку аҳәсацәа  р-Ассоциациала имҩаԥган адкылара. Ари адкылараҟны иалахәын  Урыстәыла (Москва, Шәача, Уфа), Ермантәыла, Иран Аус знапы алаку аҳәсацәа р-Ассоциациақәа рхаҭарнакцәа.

«Иран аҟны ирацәоуп аус знапы алаку, зхатә ус змоу аҳәсацәа. Арҭ аусхкқәа рахь иаҵанакуеит ақыҭанхамҩа, асаркьа иалху аалыхқәа рыҟаҵара, аҵиаақәа рыла ахәшәқәа рыҟаҵара уҳәа  уб.иҵ.»,- иазгәалҭеит Иулиа Гәымԥҳа.

Subscribe to Syndicate