«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа усуратә визитла Ермантәылатәи Ареспублика иаҭааит.

Апрель 12 инаркны 17-нӡа, Аҧснытәи аделегациа усуратә визитла Ермантәылатәи Ареспублика иаҭааит. Уи аилазаараҿы иҟан ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, афонд аҟны иаҧҵоу асоциалтә  политика ахеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа  ҳаиҿцәажәараҿы дазааҭгылеит аиҧыларақәа рылҵшәа.

 Сенер, шәазааҭгыларц сҭахуп  Ермантәылатәи Ареспубликахь шәцара хықәкыс иамаз?

Ҳара  Ермантәылаҟа ҳцара хықәкыс иаман аекономика ахырхарҭала аусзеицура амҩақәа рыҧшаара. Ишдыру еиҧш, аҵыхәтәантәи аамҭазы, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа иахҟьаны,  Аҧсныи Ҭырқәтәылеи ирыбжьаз адәныҟатәи ахәаахәҭра еиҵахеит. Убри аҟынтә ҳара иаҧшьаҳгеит альтернативтә коридорқәа рыҧшаара.  Ҳара иаҳҭахуп географиала еиҳа иаҳзааигәоу атәылақәеи ҳареи  аимадареи, аусеицуреи, аиҩызареи ҳабжьаҵара.  Убри хықәкыс иҟаҵаноуп Ермантәылаҟа ҳазцазгьы. Ермантәылатәи Ареспублика Аҧсны ахьыҧшымра азханамҵацзаргьы, жәытә аахыс арҭ аҩтәылак аизыҟазаашьа бзиа рыбжьоуп, ҳаҭырла еизыҟоуп.

Ермантәыла шәыҟазаара иалагӡаны иарбан еиҧыларақәоу шәызлахәыз?

Ииашаҵәҟьаны, хра злаз, аҧхьаҟа алҵшәа бзиақәа аиуп ҳәа ҳзықәгәыӷша, хырхарҭала еиуеиҧшымыз аиҧыларақәа мҩаҧысит.  Ҳара ҳлыдылкеит Ермантәылатәи Ареспублика апарламент ахада ихаҭыҧуаҩ Ермине Нагдалиан. Анаҩс, Ермантәылатәи Ареспублика аиҳабыра реилазаараҟны иаҧҵоу еиҭамҵуа амазареи, акадастреи рзы аҳәынҭқарратә хеилак аиҳабы  Мартин Саркисиан ҳидикылеит. Мартин Саркисиан, иара убас, Ермантәылатәи ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахадас дыҟоуп. Ермантәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟны аус зуа адиаспора аҟәша анапхгаҩи ҳареи ҳазлахәыз аизара еиҿкаан. Еиҧыларацыҧхьаӡа, ҳәарада иааҳарҧшуан агәҭынчымра шҳазцәырнаго, Ашьхатә  Ҟарабах имҩаҧысуаз ашәарҭара зцыз аҭагылазаашьазы. Агәыӷра ааҳарҧшуан, уаҟа имҩаҧысуа ахҭысқәа иаарласны ишҭышәынтәало, аҭынчра шыҟало.

Сенер, шәеиҧыларақәа еиҳарак ҟазшьаз ирымааз, шәхықәкы нашәыгӡартә еиҧш шәусқәа реиҿкаара шәзалыршама?

Хымҧада, ҳхықәкы анагӡара ҳалҳаршеит. Аҭагылазаашьа иаҳнарбап ҳаҧхьаҟа ҳусқәа рыҿиашьа. Ҳара ҳрылацәажәеит  Аҧсныи Ермантәылеи рыбжьара ахәаахәҭра аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы. Иара убас, инарҭбааны ҳазааҭгылеит Аҧсны асоциал-економикатә ҭагылазаашьа зеиҧшроу, атуризм аусура шцо уҳәа ахырхарҭақәа жәпакы.  Аҩтәылак русура иазкыз ихаҭәаау аинформациа ҳабжьаҳҵеит. Уи ҳусура акыр иарманшәалап ҳәа ҳақәгәыӷуеит.  Алшара ҳаман абизнесменцәа ҳарҧылартә еиҧш. Ҳаҟан иара убас, алогистикатә еилазаараҿ, уи аиҳаби ҳареи ҳаицәажәеит.  Имҩаҧысит Ермантәылатәи Ареспублика аҟны иаҧҵоу  афонд «Ермантәылатәи аҳәса-анаплакыҩцәа Реидгыла» ахада Лилиа Геворгиани ҳареи ҳаиқәшәара. Лара,  иара убас, ахәаахәҭра ааглыхратә палата азҵаарақәа рзы Ермантәылатәи Ареспублика ахада иабжьгаҩс дыҟоуп.

Сенер, шәеиҧыларақәа рҟынтә лкаақәас иҟашәҵарц шәылшои?

Аиҧыларақәа зегьы рҟны ҳара ҳазааҭгылеит, иҭаҳҵааит, иазгәаҳҭеит,  аҧхьаҟа иарбан хырхарҭақәоу рыла ҳусеицура злашьақәҳаргыло. Ҳрылацәажәеит еицаҳзеиҧшу апроектқәа рыла аусеицура, аиқәышаҳаҭра ҳабжьаҵара. Зегь раҧхьа иргыланы, аекономика аганахь ала,  Ермантәыла  аҧыжәара амоуп аҧсыӡ шылеи, ахәшеи рааглыхра, иара убас арыжәтә џьбарақәа раалыҵ,  ҿырҧштәыс иаагозар, еицырдыруа аерман кониак уҳәа. Дара рганахь ахь ала акыр азҿлымҳара аман, Аҧсны иҭҳажьуа аҧсыӡ шылеи, ахәшеи рааглыхра. Иаарласны арантә уи аалыҵ Ермантәылаҟа адәықәҵара нап аҳаркуеит.  Ҳара игәаҳҭеит ақыҭанхамҩа аус аҩаӡара акыр ишаҳараку,  аалыҵ ахаҭабзиара шамоу, ахәқәагьы шыҳаракым. Уи ахырхарҭалагьы аусеицура ҳазааҭгылеит.  Ермантәылатәи аделегациа Аҧсныҟа ааҧхьара раҳҭеит. Ажәа злаҳарҭаз ала, иун мзазы иаараны иҟоуп. Ҳара ҳганахь ахь ала аиҧыларақәа ҳарзыхиоуп, ҳҽырзыҟаҳҵоит.  

Аҧхьаҟа, егьырҭ атәылақәа рахь ацара азгәаҭаны ишәымоума?

Ааи, хымҧада. Ермантәылатәи Ареспублика ала ҳалагеит. Иаарласны ҳгәы иҭоуп Белоруссиа, Казахстан, Татарстан, Иран уҳәа атәылақәа жәпакы рҭаара.

Ермантәылатәи Ареспублика анаҩс, шәусура иацҵан Урыстәылатәи Афедерациа, ақалақь Москва.  Шәусура аҳҳәаа ҟашәҵарц ҳҭахуп.

 Урыстәылатәи афедерациаҿы имҩаҧысуаз аусуратә еиҧыларақәа сара инасҷыданы дрылахәын «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа.   Ишыжәдыруа еиҧш, ҳара ҳфонд, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рзы агәыҳалалра мҩаҧнагоит. Ҳаҳҭны қалақь аҿы иаҧҵоу ареабилитациатә центри, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи»  ҳареи  аусеицуразы аиқәшаҳаҭра ҳабжьоуп.  Ҳапроект иахьӡуп «Агәабзиара». Ҳара ҳус алҵшәа бзиа аиуразы ҳҳәаақәа рырҭбаара ҳашьҭоуп. Москва ақалақь аҿы имҩаҧысит  аинволидцәа еидызкыло арегионалбжьаратә, агәыҳаларатә, ауаажәларратә еиҿкаара «Агәыӷразы аҧра» ахада Лариса Зеленцовеи ҳареи ҳаиҧылара.  Инарҭбааны ҳазааҭгылеит ҳфонд аусура ахықәкы. Даара гәахәала илыдылкеит. Ҳазҭоу амза, апрель 29 рзы, лара дызлахәу Шәача ақалақь аҿы аиҧылара азгәаҭаны иҳамоуп.  Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩраны ҳаҟоуп. 

Иара убас, аицәажәара мҩаҧаҳгеит Урыстәылатәи Афедерациа ауаажәларратә усзуҩ, аполитолог Сергеи Маркови ҳареи. Ахәҭакахь ала иазгәаҳҭеит, иара ипрограмма «Форос» инақәыршәаны, Аҧсны имҩаҧгазарц 200-ҩык инарзынаҧшуа  астудентцәа, адипломатцәа злахәу аконференциа. 

 Ҳазлахәыз аиҧыларақәа зегьы қәҿиарала имҩаҧысит.

Иҭабуп Сенер ҳаиҿцәажәаразы. Шәусқәа зегьы рҿы аманшәалара!

Subscribe to Syndicate