«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Очамчыратәи ашкол-интернат иаҭааит

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, Очамчыра ақалақь аҟны иҟоу ашкол-интернат даҭааит аиҧш зеиҧшу ашколқәа  русура  адырразы.  Ашкол аиҳабы Лора Миқааҧҳа, афонд ахаҭарнак илзеиҭалҳәеит рҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкқәа, русушьа шеиҿкаау, иара убас уадаҩрақәас ирымоу.  Ашкол аусура ахырхарҭақәа азгәаҭауа, Асида Инаҧшьҧҳа илҳәеит  акультура апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны,  иаарласны афонд ацхыраара шыҟанаҵо.

Афонд ахьӡала ашкол-интернат ҳамҭас ианашьан хыҧҳьаӡара рацәала акиноқәа  зну авидеодискқәа, иара убас DVD-плеерқәа.

«Ашкол-интернатқәа рхатә ҷыдарақәа рымоуп, аурокқәа рышьҭахь ахәыҷқәа аҩныҟа ицаӡом, уахгьы-ҽынгьы аҵара ахьырҵо ахыбраҿы иҟоуп. Хымҧада, аиҿкааратә усқәа рҟны адгылара аҟаҵара ахәҭаны иҳаҧхьаӡоит»-ҳәа азгәалҭеит Асида Инаҧшьҧҳа.

Subscribe to Syndicate