«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахадеи, астудентцәеи реиҧылара.

Аҟәа имҩаҧысит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, Аҧснынтә, Ҭырқәтәыла, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны  аҵара зҵои, сынтәа ҿыц иҭалаз астудентцәеи реиқәшәара. Ҭырқәтәыла, еиуеиҧшым ақалақьқәа рҟны иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭо астудентцәа рхыҧхьаӡара 80-ҩык инарзынаҧшуеит. Уаҟа дара иалырхыз азанааҭқәа рыла, ироурц рылшоит зыҩаӡара ҳаракыу аҵарадырра. 

Аиҧылара аартуа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа иазгәеиҭеит, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны  Аҧснынтә Ҭырқәтәыла аҵара  зҵо астудентцәа иҷыдоу ахаҵгылара шрырҭо   Гагратәи алицеи-интернат анапхгара, Ҭырқәтәыла инхо   хдиаспора, Аҧсныҟа  ихынҳәыз ҳџьынџьуаа абизнесменцәа.  Иҳәеит, уажәааигәа иаҧҵахаз ауаажәларратә  еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахықәкы хадақәа ишыруакыу, ҳҿар,  зыҩаӡара ҳаракыу аҵара-дырра роуразы  ацхыраара рзыҟаҵара.  

«Ҳара, иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, шәара аҧхьаҟатәи  шәыҧсҭазаара аиӷьтәразы.  Аҵара ахьышәҵо аҳәаанырцә, зегь раҧхьаӡа иргыланы ҳҳәынҭқарра ахаҿра аашәырҧшуеит, иӡырыжәгоит.  Шәҿырҧшыганы шәыҟазарц ҳҭахыуп. Ижәдыруаз, ҳара  еснагь адгылара шшәаҳҭо. Ахылаҧшра азаҳуеит шәхымҩаҧгара, аҵара аус аҟны шәеихьӡарақәа.  Ҷыдала ишьақәыргыланы иҳамоуп шәҵаратә процесс аизырҳара иацхраауа апрограмма. Ҳфонд абзоурала, аҵараҿы  иалкааны зхы аазырҧшуа ҩыџьа астудентцәа, есышықәса  алшара раҳҭоит Европатәи атәылақәа рҟны, рҵаратә ҧышәа аизырҳаразы. Иара убас, есышықәса хәҩык астудентцәа аҧаратә ҳамҭақәа ранашьара»,-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.

Аизараҟны, афонд ахадеи, астудентцәеи, хырхарҭа рацәала азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иҟаҵаз аихшьаала инақәыршәаны,  еиҿкаан астудентцәа рхеилак. Бжьыҭирыла ишьақәырӷәӷәан жәҩык астудентцәа рыхьӡ. Уажәшьҭарнахыс ,  Сҭампыл, Анкара, Адаҧазар, Есқьишьеҳир ақалақьқәа рҟны аус руеит астудентцәа рхаҭарнакцәа. Дара, Ҭырқәтәыла зегьы  аҵара зҵо  астудентцәа рзы еимаздо цҳаны иҟалоит.

Аизара хыркәшо, Сенер Гогәуа астудентцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит. Иҳәеит,  рҵара аныхдыркәшалак  анаҩс, рыҧсадгьыл ахь рыхынҳәра ишазыҧшу. Хымҧада, аҧхьаҟа усурҭа ҭыҧла реиқәыршәара азҵаара ахаҵгыларагьы  шазыруа.

Subscribe to Syndicate