«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа иҿцәажәара.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа иҿцәажәара.

Ҳреспубликаҿы раҧхьаӡа акәны шәара шәаҧшьгарала еиҿкаауп, аусурагьы иалагеит ауаажәларратә еиҿкаара  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Иаҳҭахыуп иҳаилшәыркаарц афонд ахықәкы, аҵакы?

«Жәларбжьаратәи Афонд Аҧсны» аусура иалагеижьҭеи хымз инареиҳауп. Абри аамҭа иалагӡаны аиҿкааратә усурақәа мҩаҧаҳгахьеит. Афонд ахықәки аҵаки шьақәҳарӷәӷәеит уи алахәылацәа адгаланы. Ҳфонд аҧҟарақәа шьақәыргылоуп Аҧсны аиустициа аминистрра аҟны. Афонд аилазаара шьақәгылоуп абарҭ ахеилакқәа рыла:

Ахада-Сенер Гогәуа, ахада ихаҭыҧуаҩ-Витали Смыр, амаӡаныҟәгаҩ хада-Асида Инаҧшьҧҳа;

  1. Аинформациеи, апрессеи, ауаажәларра реимадара ахеилак-Гәрам Амқәаб;
  2. Жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы ахеилак-Максим Ӷәынџьиа;
  3. Асоциалтә политика ахеилак-Иулиа Гәымба;
  4. Аҧсуареи, адемографиеи, арепатриациеи рзы ахеилак-Сырма Ашәҧҳа;
  5. Аекономикеи аинвестициеи рхеилак-Беслан Кәарҷиа; 
  6. Афинансқәа рхеилак-Беслан Кәыҵниа;
  7. Акультуреи аҵарадырреи рхеилак-Нугзар  Логәуа;
  8. Аҿар рполитикатә хеилак-Асҭамыр Логәуа;

Афонд хырхарҭа рацәала аус ауеит. Ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи ринтересқәа рыхьчара ҳадгылоуп.  Шықәсыктәи апрограмма ҟаҵаны, еиҳа ихадароуп ҳәа ҳгәы иззаанаго азгәаҭаны, ахеилакқәа аусура иаҿуп.  Афонд аҧшьгарала,  Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Абаза», алшара аман, аофициалла  Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи аҳәыҷтәы фестиваль  аҽалархәра. Ааҧхьра анҳау инаркны, ари апроект фымз инарзынаҧшуа аус адаҳулон. Анаҩс, еиҿаҳкааит астол гьежь –ҳазҭагылоу аамҭазы  «Аҧсни,  Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи» реизыҟазаашьа атемала. Уи мҩаҧысит Аҟәа, Москватәи акультуратә усутә центр аҟны.  Иалахәын ахтәылак рҟынтәи еицырдыруа аҵарауаа, аполитологцәа, аекспертцәа.  Ирзааҭгылан аҭоурыхтә хҭысқәа,  асоциал-економикатә ҿиара аҭагылазаашьа,  ахәаахәҭратә усқәа  уҳәа  ирыдҳәалоу азҵаарақәа, иаарҧшын аҳәынҭкаррақәа рполитикатә еизыҟазаашьақәа,  аҧхьаҟатәи  аперспективақәа.  Аусеицуреи аиҩызареи рзы ахганкгьы  аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Сгәы излаанаго ала, ари аус аганахь ала,  афонд ахықәкы нанагӡеит.  Иара убас,  Маи 21 рзы, Кавказ ажәларқәа итрагедианы ирзыҟалаз амҳаџьырра агәалашәара амш азгәаҳтеит. Аҭоурыхтә хҭысқәа ҳзымдыруа, аҧсҭазаара амҩа иаша ҳзанылаӡом. Ҳажәлар ринтересқәа ҳрызхәыцуазароуп. Ахырҵәара иадҳәалоу аамҭақәа рнаҩс,  ҳара иаҳдыруеит Аҧсны  Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны,  Урыстәылатәи Аҳәынҭқарра ацхыраара иҳанаҭаз. Аибашьра ашьҭахь, аекономика, аполитика аганахь ала адгылара иаҳзыҟанаҵаз. 2008шықәса рзы,   Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Ахьыҧшымра шазханаҵаз. Ажәытә, ҳаиҳабацәа ишырҭахыз еиҧш аамҭа ҳҭагылоуп иахьа.  Аҳәаанырцәынтәи  рҭоурыхтә ҧсадгьыл иазыхынҳәуа иалагеит ҳџьынџьуаа.  Араҟа аҭаацәарақәа аҧырҵоит, ииуеит рыхшара, Аҧсны Аҳәынҭқарра аусқәа рхы рыладырхәуеит, аекономика, акультура, аспорт уҳәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус руеит. Ари еиӷьу иарбан гәырӷьароу?! Ари  аҧхьаҟа агәыӷра ҳазҭоу аамҭаны ҳахәаҧшуеит. 

Маи21 рзы,  афонд  аҧшьгарала еиҿкаан,  Аҧсны аиҳабыреи,  Ҭырқәтәылантәи зыҧсадгьыл ахь нхара ихынҳәыз ҳџьынџьуааи реиҧылара.  Имҩаҧысит аофициалтә ҟазшьа змамыз, гәаартылатәи аицәажәара.  Иаҳгәалаҳаршәеит ҳажәлар ирхыргаз аҭоурых,  ҳрылацәажәеит аҧхьаҟатәи ҳусқәа.   Ишырҳәо еиҧш  «Ашә уахьасуа ауп иахьаадыртуа».  Ҳара ҳгәы иҵхо, насгьы ҳзеигәырӷьо азҵаарақәа ҳрылацәажәалароуп. Ииашоу амҩа ҳанықәло  усҟан ауп. Иара убас, ари арыцхә инамаданы,  афонд ахьӡала  Ҭырқәтәылаҟа  иҳашьҭит аделегациа. Уи аилазаараҟны иҟан аҵарауаа -Гәрам Амқәаб, Арда Ашәба. Дара рхы рыладырхәит, есышықәса Қьефқьен ақалақь,  Амшын  Еиқәа аҿықә аҟны, ҳауаажәлар рыхәҭа дук ахьықәынҵәаз аҭыҧ аҟны ҳдиаспора  иазгәарҭо агәалашәаратә мшы. Иара убас, урҭ алшара рыман 30 нызқьҩык инарзынаҧшуа аҧсуаа ахьынхо Қоџьаели ақалақь  аҭаара.  Имҩаҧысит аиҧыларақәа жәпакы.  Ааҧхьара рыҭан аҭыҧантәи ателехәаҧшратә канал ахь. Аҧсны асоциал-економикатә, аполитикатә ҭагылазаашьа иазкны,  ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит.

Уажәы, аус адаҳулоит апроект ҿыц «Ани Амаалықьи». Уи еснагьтәихоит. Аҧсуа ҭаацәарақәа рҟны ҿыц ахшара ахьиуа, ан лхәыҷы иааӡараҿы лхы иалырхәаша амаҭәаҳәқәа рыла ацхыраара лаҳтоит.   Адунеи аҧышәа излаҳнарбо ала, ари аус иадгылоит , ацхыраарагьы анаҭоит Аҳәынҭқарра еиҧш, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәагьы.   Аҧсны араионқәа зегьы рҟны инхо  аҧсуа ҭаацәарақәа  аҳамҭа роурц алшара рымоуп ҿыц ииз ахәыҷы иаршаҳаҭгала. Аҟәеи,  Аҟәа араин иаҵанакуа, ҳара ҳфонд аҟны ироур ҟалоит.     Ҳара ҳадрес: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩаду 16. Абизнес-центр «Гәдоу-плаза» а-5-тәи аихагыла.  Егьырҭ араионқәа ирыҵаркуа аҭаацәа, афонд ахаҭарнакцәа администрациақәа рахь ирызнаргоит, нас уаҟа еихыршоит. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит  Аҧсны адемографиа азҵаара иадҳәалоу ауадаҩрақәа шыҟоу.  Ҳара ҳажәлар маҷуп. Ҳыҧхьаӡарала ҳаизҳароуп, ҳаӷәӷәахароуп. Ииуа ахәыҷқәа ргәабзиара ҳацклаҧшлароуп, анапы раҳҭароуп, аҵара дҳарҵароуп. Аҧснеиҧш, уи анҭыҵгьы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалароуп.  Адырра бзиақәа роуны, ҳҳәынҭқарра ашьаҭа иауасхырны иҟалароуп.  Усҟан ауп ҳамчгьы ҳалшарагьы аныӷәӷәахо.

Адәныҟатәи аполитика, аекономика, акультура, арепатриациа, аспорт  уҳәа  апроект ҿыцқәа аус рыдулара ҳаҿуп.

Шәызлацәажәаз ахырхарҭақәа инарҷыданы, афонд аполитикатә ҟазшьа мҩаҧнагоума? Уи  аганахь ала, ауаажәларраҟны иҟоуп еиуеиҧшым агәаанагарақәа. Иҳаилшәыркаарц сҭахыуп.

Аполитика мҩаҧызго Аҳәынҭқарра ыҟоуп, иҟоуп  аполитикатә еиҿкаарақәа, апартиақәа, аопозициа.  Ҳара ҳхықәкы хадақәа ируакыуп Аҧсуа ҳәынҭқарра адгылара , ҳажәлар ринтересқәа рыхьчара, иҳалшо ала ацхыраара рыҭара. Ҳус ажәлар ирбарҭахоит. Аҧсуаа нырцә ҳаҟоума, аарцә  ҳаҟоума, ҳаидгыланы, ҳахшыҩи, ҳамчи  еилаҵаны, ҳапроблемақәа ҳаӡбалароуп.  Уаҳа ҧсыхәа ҳамаӡам. Ҳара ҳфонд  иҳәынҭқарратәым  еиҿкаароуп.  Ҳапроблемақәа  ҳара ҳаҩнуҵҟа иаҳмыӡбар, ҳара ҳзы даҽаӡәы иӡбараны дыҟаӡам,егьа адгылара ҳаиҭаргьы.  Ҳара ҳинтересқәа ҳара иҳахьчароуп.  Сара сыуаажәлар рыпроблемақәа здыруазар, алшара сымазар, аҧышәа сымазар, схы сзеигӡари?  Сыжәлар ирыхәо ак сзыҟаҵар сара сзы инасыҧуп. Ҳҳәынҭқарра, ҳхыьыҧшымра,  уаҵәтәи амш  ҳахьчарц азы ҳаидгылароуп. Афонд аҟны аус руеит  Аҳәынҭқарра амаҵ азызухьо, зус ҭакҧхықәрала иазнеиуа ауаа.  Иахьа Ҭырқәтәыла инхо,  Урыстәыла инхо апсуаа,  Аҧсны аҧхьаҟатәи амшқәа рзы, аусқәа рҟны, абжьы рымазароуп.  Аҧсны инхо,  зсоциалтә ҭагылазаашьа  хьысҳау ауаа рхыҧхьаӡара даара ирацәоуп.  Алшара зегьы ирымаӡам.  Ус иҟоу ауаа ҳрыцхраар ауми… Ус акәзар ҳаидгылап. Ҳара ҳажәлар ҳара ҳрыцхраар, егьырҭ аҳәынҭқаррақәагь ирбап, аҧхьаҟа адгыларагьы ҳарҭап.́

Афонд  афилиалқәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны раартра азгәаҭоума?

Хымҧада, иазгәаҭоуп. Афонд анапхгара мацара ала, ҳнапы иану аусқәа реиҿкаара уадаҩхоит. Афинанстә цхыраара инаҷыданы, хатәгәаҧхарала ҳусқәа зхы рылазырхәуа ҳауаажәлар ыҟоуп, Аҧсны еиҧш  Урыстәыла, Ҭырқәтәыла. Уи ҳара ҳгәы арӷәӷәоит. Иахьазы ҳара ҳфонд еиднакылоит 200-ҩык рҟынӡа ауаа. Афонд аҩнуҵҟа иҟоуп аҿар,   Сириантәи, Ҭырқәтәылантәи.  Даара ҳреигәырӷьоит.  Ҳгәыӷуеит  рхыҧхьаӡара иҵегьы еизҳап ҳәа.  Ҳус алҵшәа аиуп ҳәа сгәы иаанагоит.   Ҳара ҳазлагаз ҳусқәа рҟны, иазҧхьагәаҭан иҳамоу апроектқәа рынагӡаразы иҳамоуп ҳхатәы материалтә база.  Ааҧхьарак аҳасабала  сыбжьы сыргарц сҭахыуп ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи шәахь,  ҳазлагаз аусқәа рҟны, ҳфонд материалла, хатәгәаҧхарала  адгылара ашәҭарц,  досу ишәылшо шәлагала ҟашәҵарц.   Ҳарҭ ҳзеиҧш ус азы,  ҳажәҩахыр еибаҳҭап.

Иҭабуп Сенер ҳаиҿцәажәаразы. Шәусураҿы аихьӡарақәа.

Subscribe to Syndicate