«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» афонд «Ашанеи» реиқәшәара.

Аҟәа ақалақь, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны имҩаҧысит, уи ахада Сенер Гогәуеи, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» аҧҵаҩы Богдан Шьакаиеи реиҧылара. Уаҟа инарҭбааны  ирылацәажәан аҩфондк рҿаҧхьа иқәгылоу рхықәкқәа, иара убас аҧхьаҟатәи русеицура азҵаатәқәа. Аҩганкгьы ргәаанагарақәа еиқәшаҳаҭрала иазнеит.

Афондқәа реиҳабацәа излазгәарҭаз ала, аҳәынҭқарраҟны ас еиҧш афондқәа раҧҵара, насгьы еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла лҵшәа бзиала русура, хымҧада, ҳтәылеи, ҳауаажәлари ринтересқәа ахьчоит, акырӡа ицхыраагӡоуп. Убри азы, ҳареи аус ҳацызуа ҳҩызцәеи, ҳамч-ҳалша, аҧсҭазаара иаҳнаҭаз аҧышәа абарҭ аусқәа ирзаҳкуеит,-ҳәа азгәарҭеит аиҧылараҟны.

Subscribe to Syndicate