Витали Смыр, Афонд азы игәаанагара.

Embedded thumbnail for Витали Смыр, Афонд азы игәаанагара.

Жәларбжьаратәи афонд «Аҧсны»  ҳҳәынҭқарраҿы  иахьаҧҵахаз даара садгылоуп. Мызқәак роуп иҵуа уи аусура хацнаркижьҭеи, даараӡа сгәы  иахәеит апроект «Ани амаалақьи». Ҳара ҳажәлар етноск аҳасабала ҳмаҷуп.   Убри аҟынтә, раҧхьа иргыланы ҳмилаҭ аиқәырхареи, наҟ-наҟ аҿиареи ҳрызхәыцроуп. Ари аус аҿы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп. Ҳара ибзианы иаҳбарҭоуп, ҳауаажәлар шаҟа гәахәала ирыдыркылаз,  афонд абзоурала зусура хацыркыу, ҿыц ахшара зауа аҧсуа ҭаацәарақәа  ирызкыу апроект . Убас еиҧш иҟоу апроектқәа аҧхьаҟа ирыцҵатәуп, иахьынӡауала иазырҳатәуп анацәа рыхшара рзы ирыдыргало аҳамҭақәа.   Афонд аҿаҧхьа иқәнаргыло ахықәкқәа, ҳмилаҭи ҳҳәынҭқарреи рзы ицхыраагӡоуп ҳәа сахәаҧшуеит. Ҳара ҳҳәоу еиқәыршәаны, ҳаицҿакны,  ҳусқәа аҧсуа ҵасла амҩа иаша ианаҳзықәҵа, агәра ганы сыҟоуп ҳҳәынҭқарреи, ҳауаажәларреи, егьырҭ иҳаланхо амилаҭқәеи  еилкаарыла адгылара шҳарҭо.

Subscribe to Syndicate