Урыстәыла иазгәарҭоит Жәлар Ракзаара Амш

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» аусзуҩцәа Урыстәыла ауаажәларра зегьы ирыдырныҳәалоит Жәлар Ракзаара Амш. Урыстәыла аҭоурых аҟны ари акрызҵазкуа мшуп. Ари амш азы, 1612 шықәса рзы аземтәи анапхгаҩы Кузьма Минин, иара убас аҭауад Дмитри Пожарски зхадараҟны иҟаз жәлар рыр  Москва ақалақь аполиактә мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭыртәит. Аӷацәа аҳҭнықалақь ралцарала  Урыстәыла аҳәынҭқарра ҿыц ашьақәыргылара иалагеит. Ари аамҭазы Романоваа рдинастиаҟынтә далхын аҳәынҭқар ҿыц.

Ари амш ныҳәа аҽны Урыстәыла иқәынхо ҳаешьаратә жәлар зегьы аҭынчреи, аизҳазыӷьареи, акзаареи рзеиӷьаҳшьоит.     

Subscribe to Syndicate