Тҟәарчал 75ш. ахыҵит
25/08 2017
Иахьа, нанҳәа 25, ақалақь Фырхаҵа - Тҟәарчал аиубилеи азгәанаҭоит. Аныҳәатәусмҩаҧгатәқәа ихы рылаирхәит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа.
Ҳара ҳфонд еснагь Тҟәарчал ацхыраара анаҭоит. Иаҳҳәозар, тҟәарчалтәи атехникум, ахәыҷбаҳчақәа, ақалақь администрациа, ахшараиурҭатә ҩны, иара убас ахшара рацәа змоу зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа.
Ақалақь амш ныҳәа аҽны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал ақалақь администрациа акомпиутертә техника ҳамҭас ианашьеит.
Аныҳәатә концерт аҟны иқәгылақәоз иазгәарҭон Тҟәарчал иамоу аҭоурыхтә ҵакы, аҧшӡара, инхо ауаа рхаҭара. Хымҧада, Тҟәарчал аҧхьаҟа аизҳазыӷьара аманы ишыҟало агәра ҳгоит.
Ҳаҭыр зқәу Тҟәарчалаа! «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа рыхьӡала ишәзеиӷьаҳшьоит аихьӡара, аманшәалара!