Сонер Гогәуа: Адиаспора аус аиашамҩа иқәҵатәуп.
07/02 2016
Аекономикатә ҭагылазаашьа аныуадаҩу аамҭазы, агәыҳалалратә ҟазшьа змоу аусқәа реиҿкаара, еиҳагьы иаҭахны иҧхьаӡоуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы, иҳәынҭқарратәым афондқәа рбиуџьет анышьақәдыргыло, ицәырҵуеит еиуеиҧшым ауадаҩрақәа. 2015 шықәса рзы, иаҧҵаз «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара ирылдыршеит русура аҿаҧхьа иқәгылаз ахықәкы анагӡара, убри аан, аҭыҧантәи анаплакқәа рхаҭарнакцәа реиҧш, аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора алархәны. Афонд аҧҵара, насгьы иарбан хырхарҭақәоу аус здырулоу, дазааҭгылоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа.
Аинформациатә маҵзура «Абхазия-Информ», аиҿцәажәара
С. Гогәуа: Иҳәынҭқарратәым Жәларбжьаратәи афонд аҧҵара, Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба ихаангьы иалацәажәан. Сара еилыскаауан, аҳәынҭқарра, милаҭ еилых ҟамҵакәа ацхыраара шыҟанаҵоз, избанзар, ҳарҭ зегьы, милаҭ рацәала ҳәынҭқаррак аҿы ҳанхоит, ҳәынҭқаррак ҳатәылауаауп.
Ҳара ибзианы иаҳдыруеит, апсуаа, ҳхатә уадаҩрақәа шҳамоу. Зегь раҧхьа иргыланы, милаҭк аҳасабала ахеиқәырхара, ҳкультура, ҳбызшәа, ҳҭоурых амырӡра. Афонд аиҿкаара азҵаара ҳаналацәажәоз, аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора рыцхыраара анырра аҳҭон. Ишдыру еиҧш, Ҭырқәтәыла инхоит 500 нызқь инарзынаҧшуа аҧсуаа, иара убас, Иорданиа, Сириа, Урыстәыла уҳәа, Европа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы инхо рхыҧхьаӡара маҷым.
Анаҩс, афонд аиҿкаара азҵаара салацәажәон Аҧсны аҳәынҭқарра ахадацәа Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшьи, Алеқсандр Золотинск-иҧа Анқәаби рҟны. Аха, афонд аҧҵахартә еиҧш, аҭагылазаашьа зыҟамлеит.
Ари азҵаара, аҳәынҭқарра ахадацәа даҽакала иазнеиуан. Сара уи азы исыман схатә гәаанагара. Дара изларҳәоз ала, раҧхьа иҧшаатәын афинанстә хыҵхырҭа, анаҩс, аус мҩақәҵатәын. Сара сгәанааагарала, ас еиҧш азнеишьа иашаӡам. Афонд ыҟамкәа, агәаанагарақәагь зыҟалом, аусурагьы зхацыркхом, ацхыраара ҟазцарцз ҭаху, аҧара ззоурыжьуа аус еилкааны ирдыруазароуп. Убри аҟынтә, ҳара иҳаӡбеит, раҧхьа афонд аҧаҳҵарц, уи аусура ахырхарҭа хадақәа алаҳкаарц, анаҩс урҭ рымҩақәҵаразы ахарџьқәа ҳаҧшаарц.
А-И: «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧҵара ахықәкы хада?
С. Гогәуа: Зегь раҧхьа иргыланы, Аҧсны адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит, ҳауаажәлар ҳара ацхыраара анраҳамҭа, ҳара ҳзы Париж, Сҭампыл, Москва уҳәа, аӡәгьы адгылара шырзыҟанамҵо. Урыстәылеи, Аҧсныи, астратегиатә еизыҟазаашьа рыбжьоуп. Ҭырқәтәылеи Аҧсныи ракәзар, аекономикатә. Иҟоуп аусеицуреи, аиҩызареи ахьҳабжьоу егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы. Иарбан тәылазалаак, иара ахатә интересқәа амоуп. Ааи, афинанс-економикатә цхыраара ҳарҭоит, уи азы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Аха, иҟоуп ауадаҩрақәа зцу, ҳхала иаҳаӡбаша азҵаарақәа-ҳдемографиа, ҳбызшәа, ҳкультура, ҳҵас, ҳқьабз, милаҭк аҳасабала ҳхеиқәырхара уҳәа.
Арҭ азҵаарақәа рыӡбара ҳара ҳнапы рылакызароуп. Убри хықәкыс иҟаҵаноуп ҳара афонд заҧаҳҵазгьы, зегь раҧхьа иргыланы, ҳдемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы. Ҳара, иахьа, ацхыраара раҳҭоит аҧсуа ҭаацәарақәа, уи аӡәгьы изы имаӡаӡам. Ҳара, ҳусқәа ирзыҧҵәоу афинанстә ҭагылазаашьа ҳамоуп. Аҧсны инхо атәылауаа зегьы ҳрыцхраартә еиҧш алшара ҳамам. Насгьы, Аҧсны инхо аурысқәа, Урыстәылантә ацхыраара роуеит, убас еиҧш, ара инхо аерманқәа, иахьынӡалшо Ермантәылантә ацхыраара рзыҟарҵоит.
Уи азы мацара акәым…
Сара Аҧсны сынхоижьҭеи 24 шықәса ҵуеит. Аибашьра анцоз аамҭазы ара сыҟан, аекономикеи, аполитикеи ирыдҳәалаз азҵаарақәа снапы рылакын. Сгәы иаанагомызт, 2015 шықәса рзы, амамзаара ӷәӷәала изныҧшуа аҧсуа ҭаацәарақәа ыҟоуп ҳәа.
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы, ҳара аҧсуа қыҭақәа лассы-лассы ҳарҭаауеит. Ҳаҟан Џьгьарда, Кәтол, Лыхны…Иаҳбеит ааҩык, жәҩык рҟынӡа ахшара рацәа змо аҧсуа ҭаацәарақәа. Аҩнымаҭәа, абзазаратә маҭәахәқәа рымам, ахәыҷқәа ргәы ҭәны иааӡам, иахәҭоу аҵара-дырра роуам, ашәҵатәы рымам.
Ҳара иахьа ҳалацәажәоит, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра иадҳәалоу азҵаара, урҭ рынхара рынҵыраҿы аҭагылазаашьа бзиақәа рзаҧҵара. Ааи, уи иашоуп. Сара еснагь садгылан уи аполитика. Аха, убри аан ицәырҵуеит азҵаара: ирыҧсыхәоузеи ара инхо, ауадаҩра бааҧсқәа зыҧгыло? Шәаҳәаҧш ҳара ҳхыҧхьаӡара-ДЦП ачымазара змоу шаҟаҩ ахәыҷқәа ҳамоузеи? Ари гәаҟра ӷәӷәоуп. Арҩашьыга маҭәашьарқәа здызкыло, аҿкы чымазарақәа зыхьуа, амҩадуқәа рҟны иҟало амашәырқәа, урҭ ирхырҟьаны зыҧсҭазаара иалҵуа, шаҟа ирацәоузеи аҿырҧшқәа…
Аҭаацәара иалалартә еиҧш алшара змам ауаа рхыҧхьаӡара рацәоуп. Аусурҭа ҭыҧқәа рыҧшаара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ыҟоуп. Ас еиҧш иҟоу аҭагылазаашьа аҟны, Аҧсны ҧхьаҟатәи аҧеиҧш алацәажәара уадаҩуп. Арҭ азҵаарақәа рыӡбара знапы ианыда?
А-И. Зегь раҧхьа иргыланы аҳәынҭқарра…
С. Гогәуа. Зегь рыла сшәықәшаҳаҭуп. Аха, аҳәынҭқарра алшара амамзар, насгьы зегьы ирхьымӡозар? Избан, алшара змоу ҳтәылауаа, арҭ апроблемақәа рыӡбаразы аҳәынҭқарра адгылара занамҭара? Сара, Ҭырқәтәылантәи сыҧсадгьыл ахь санаа, зынӡа сқәыҧшын. Уажәы сфинанстә ҭагылазаашьа цәгьам, иазгәасҭарц сҭахәуп, ак сырҳауазар, уи сыжәлари, сҳәынҭқарреи ишрыбзоуроу. Избан, нас саргьы исылшо ала, ацхыраара зыҟасымҵара? Сара 60 нызқь доллар ҳәа амашьына аасхәозар, убри аамҭазы сгәыла иифо имамкәа дыҟазар, уи абанӡаиашо?
Уи амаа азҭарц зыхәҭада? Рыцҳарас иҟоу, иҳамаӡам иахәҭоу амилаҭтә идеологиа. «Аҧсуара» ҽырбашақә акәымкәа, уи аҧҟарақәа ҳрықәныҟәалароуп.
А-И. Ҳара ҳҟны зегьы аполитика иалацәажәоит…
С. Гогәуа. Еиҳа ихадароу иарбан, аполитика акәу, адоуҳатә беиара акәу? Избан, адепутатцәа залаҳхуа? Ажәлар ринтересқәа рыхьчаларц ауми?
Афонд аусура ҳхы иархәаны, аҧсуа жәлар ирыҧгылоу ауадаҩрақәа рыӡбара ҳҽазаҳшәоит. Ҳарҭ, аҳәынҭқарра анапы ахьымнеиц апроектқәа аус рыдаҳулоит.
Иарбан ҧсыуа ҭаацәазаалак, ҿыц ахшара дахьиз, афонд ахьӡала аҳамҭа роуеит, уи ахәыҷы иааӡараҿы ан лхы иалырхәо амаҭәахәқәа рыла еиқәыршәоуп. Сара имаҷымкәа Европатәи аҳәынҭқаррақәа рҧышәа ҭысҵаахьеит. Убри азы исҳәарц сылшоит, ҳшәырақәа ирҭо аҳамҭақәа рхыҧхьаӡара акыр еиҳауп, еиӷьуп ҳәа. Ҵыҧх, аҳамҭақәа рызшан 300 ҭаацәара. Ижәбандаз, шаҟа гәахәала ирыдыркылоз, ажәа ҟәандақәа рҳәоз?! Ҳазҭалаз ашықәс азы, ацхыраара заҳҭо ҩынтәны рхыҧхьаӡара еизҳарҳарц ҳҭахуп. 2017 шықәса рзы, афинанстә цхыраарагьы азгәаҳҭарц ҳгәы иҭоуп. Шаҟа рзаҳшәо, аҧхьа ииз, аҩынтә, ахынтә раан ииз рхыҧхьаӡара иадҳәалахоит.
Имаҷҩым, жәаҩык рҟынӡа ахшара змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара. Шәара ибзианы еилышәкаауеит, закәтә ҭагылазаашьоу ирымоу урҭ аҳәынҭқарра аҟынтә, 15-20 нызқь мааҭ рҟынӡа ацхыраара роуеит. Еилкаауп, урҭ иахәҭоу ацхыраара рыҭара ҳара ишҳалымшо. Аха, анхараҿы ирыхәо абзазаратә маҭәахәқәа раахәара-архьшәашәага, аӡәӡәага, ателевизор, ауанҭа уҳәа, уи ҳара ирзааҳхәоит. Иааидкыланы, 60 нызқь мааҭ рҟынӡа иартәоит. Уи уиаҟара иҧара дуӡам, ахшара рацәа змоу аҭаацәара, маҷк иадымхаргьы аҭагылазаашьа бзиа рзаҧҵаразы.
Шәара шәахәаҧш, ақьафурҭақәа рҟны, иара убас аҳәынҭқарратә чынуаа заку еишәа-чарақәоу еиҿыркаауа. Шаҟа ахарџь артәоузеи уи? Ақьафурҭаҿы аӡәы иҭыҧ, зегь иреиҵоу 1000.мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Шаҟаҩы ача злаархәо рымамкәа иҟоузеи?
2015 шықәса рзы, мызкахьы, абзазаратә маҭәахәқәа рыла, ахшара рацәа змоу ҭаацәак ҳрыцхраауазтгьы, ари ашықәс азы, мызкахьы, ҩҭаацәарак ҳрыцхыраауа ҳалагеит.
Ахҧатәи апроект аус адулоуп. Уи ахшара рацәа ахьыҟоу, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәа, рхәыҷқәа ашкол ахь еилаҳәаны рышьҭра иазкуп. Мызкахьы жәаҩык ахәыҷкәа реилаҳәара, ашкол ахь ирҭаху амаҭәахәқәа раахәара, апроект ахахьы иагоит.
Аҧшьбатәи апроект, агәыҳалалратә фонд «Ашанеи» ҳареи ҳусеицзура иазкуп. Уи хырхарҭас иамоуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа рыхәышәтәра. 2015 шықәса рзы, ацхыраара иаҳәаз аҭаацәа рахьтә, 80% , ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа рҭаацәа роуп. Ас еиҧш ачымазара зыхҟьо хымзызк ыҟоуп: шьҭрала иаауа, аҧхәыс лцәалтәымкәа даныҟоу, иара убас, ахшара данлоуа аамҭазы. Ус анакәха, ари ачымазара аҧырҟәҟәааразы, иахәҭоу азҿлымҳара аарҧшым. Ачымазаҩ дызмоу аҭаацәа, рхәыҷы ихәышәтәразы ахарџь ӷәӷәала ирызтәоит, аҵыхәтәанӡагьы игәабзиара ашьақәыргылара залыршахо еилкаахом.
Аҧсны, ари аҩыза ачымазара рзыхәышәтәӡом, ирыдыргалоит ҷыдалатәи абаҩарҵәыра. Сара ари азҵаара аҭҵаара нап анасыркы еилыскааит, Китаи ишыҟоу ацентр, ҩышықәса ихыҵаанӡа ахәыҷы дузнагар, 100% игәабзиара ашьақәыргылара ахьалыршахо. Избан нас, ҳара ҳхәыҷқәа, Шәачеи, Москвеи издәықәаҳҵо, ас еиҧш иҟоу, ацентрқәа рахь изаҳмышьҭуа? Уа аҽыхәышәтәра ахә еиҳа имариоуп, агәыӷрагьы еиҳа еиҳауп.
Афонд «Ашанеи», «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» аиқәышаҳаҭра рыбжьоуп. Убри инақәыршәаны, ҳфонд шықәсык аҩныҵҟа, афонд «Ашана» иахыҧхьанаӡалоит 800 нызқь мааҭ аҧара, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа рыхәышәтәразы.
Убри инаҷыданы, ҳара ҳгәы иҭоуп, ари ашықәс азы, Аҧсныҟа, Урыстәылантә, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтә, аус азҟазацәа рааҧхьара, амедецинатә усзуцәа алархәны, Астол гьежьқәа, аконференциақәа рымҩаҧгара. Иара убас, ахшара аиура иазыҧшу анацәа, ииашаны рхы ишацклаҧшыша рзеиҭаҳәара. Ҳара иааҳарҧшыроуп амзызқәа, ари ачымазара ҵаҵӷәыс иамоу. Ҳагәҭакқәа ируакуп, Китаитәи агәабзиарачаҧарҭатә центр аҩыза, Аҧсны аартра.
Афонд, Аҧсны аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика иадгылоуп. Аҧсны иҵарны иқәгылоу азҵаарақәа ирызкны Астол гьежьқәа рымҩаҧгара, аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҭаара, еиуеиҧшым аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩра-абарҭқәа зегьы ахәҭаны иҧхьаӡоуп. Егьа ус акәзаргьы, адемографиа азҵаара, зегь раҧхьа игылоуп.
Ҳара аҳәынҭқарра зҳаргылои, Аҧсны инхо аҧсуаа, ҳхыҧхьаӡара анмаҷха? Азҿлымҳара ашәҭа, ииуа ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара зеиҧшроу. Ас еиҧш ҧхьаҟа ианца, 30 шықәса рнаҩс, Аҧсны аҧсуаа шаҟаҩ аанхода, ишәарҭахоит аҭагылазаашьа. Убри аҟынтә, адемографиа иадҳәалоу ауадаҩрақәа акыр азҿлымҳара раҳтоит.
А-И. Акрызҵазкуа аусқәа шәнапы рылакуп. Иабантәаажәгои аҧара, абарҭқәа зегьы рынагӡаразы?
С. Гогәуа. Аханатә ҳара иҳаӡбеит, аҧара ҳәа уаҩы ҳшимыҳәо. Ҳара ҳхарџьқәа рыла ишьақәгылоуп ҳбиуџьет. Иазҧхьагәаҭаны иҳамоуп, хәышықәса аҩныҵҟа иҟаҳҵо аҳасабырбақәа. Ҳара ҳажәлари, ҳпарламенти, ҳҳәынҭқарреи имҩаҧаҳго ҳусура анырбалак, рхала иҳацхраауа иалагар ҟалоит. 2015 шықәса рзы, 8 мзы заҵәык аус ҳуит. Ҳбиуџьет иартәеит 6,3млн. мааҭ аҧара. 2016 шықәса рзы, 11млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи, ҩынтәны ҳусура аизырҳара алнаршоит. Убри аан, афонд спонсар хадас иамоуп сара снаплакы «Абхазморпром». Сара схаҭа ацхыраара асымҭар, даҽаӡәы излаиасҳәои уҳацхраа ҳәа?
Даҽазныкгьы иазгәасҭоит, аӡә иахь ацхыраара ҳашәҭ ҳәа ҳамнеиӡац. Ажәлар рхаҭа ирбар ҳусура алҵшәа, агәра згоит, рхала ацхыраара шыҟарҵо. Сара сҩызцәа, иара убас, Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора рхаҭарнакцәа, ҭелла исыдҵаалоит рхатә згәаҭақәа рыманы.
2016 шықәса рзы, афонд афинанстә хыҵхырҭа даҽакхоит. Ишәгәалашәоума, зны ус рҳәон: «Ҳџьынџьуаа, мызкы долларк, долларк Аҧсны иахырыҧхьаӡалар, иааицҵаны, 500-600 нызқь доллар ҟалоит ҳәа». Аибашьра ашьҭахь, ари аҩыза аҭагылазаашьа алыршара уадаҩын, иахьатәи аамҭазы, атехнологиа ахархәара бзиа амоуп. Сара, Ҭырқәтәыла ари азҵаара аҳасабра алсыршеит. Иҟоуп СМС-асистема, убри ахархәарала, аҧара Аҧсны иахыуҧхьаӡалар ҟалоит.
Зықьҩыла аҧсуа-адыга диаспора ҳамоуп. Агәаҳәара змоу, СМС ахархәарала шаҟа мааҭ аарышьҭуа адырбоит, 40% рҟынӡа, (уи аоператорцәа реиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, адәықәҵара ишьақәнаргылоу ахарџь рацәоуп) афонд иахыҧхьаӡалахоит. Мызкахьы, долларк, ҩдолларк раашьҭра, ҳдиаспора ирцәыуадаҩӡам. Афонд шаҟа мааҭ ахыпҳьаӡалахо зегьы, асаит аҟны иарбахоит. Уажәтәи ахарџьқәа раҳасабырба, агәаҳәара змо зегьы асаит аҟны ижәбарц шәылшоит.
А-И. Ас еипш ахарџь дуқәа шәҽырцәышәыхьчар ҟамлаӡои, Ҭырқәтәыла абанк аҿы ахыҧхьаӡаларҭа аашәыртыр, нас уантә аҧара Аҧсныҟа иаашьҭызар?
С. Гогәуа. Ҭырқәтәылатәи азакәан излаҳәо ала, ус ииашахом. Ҭырқәтәыла макьана Аҧсны ахьыҧшымра азханамҵаӡац. СМС аашьҭразы уадаҩра ҳәа акгьы ыҟам. Ари аус аиҿкаара ҳаҿуп ҳдиаспора рхаҭарнакцәеи ҳареи, иназымҩаны ҳфонд аусура ахықәкгьы деилыркаауа. Сара сақәгәыӷуеит, аҧхьаҟа ҳдиаспора рҟынтә ацхыраара ду шҳауа.
А-И. Излашәҳәо ала, ҳдиаспора рҟынтә ацхыраара ду шәақәгәыӷуеит?
С. Гогәуа. Еиҳарак, ааи.
А-И. Хаҭала, шәара шәылшарақәа бзиоуп, шәҽазҵәылхны агәыҳалалра аашәырҧшуеит. Избан, амал змоу ауаа, шәфонд мааҭкгьы заларымгало?
С. Гогәуа. Сара схазы исҳәарц сылшоит. Агәыҳалалра иахҭнысҵо аҧарала, сара аҩнеихагыла ду аасхәарц сылшоит, убас зеиӷьыҟам амашьына, аҳәаанырцә изныкымкәа ҧсшьара ацара, уимоу уа аҩны аахәара. Аха уи сара агәырӷьара сзаанагом, уажәы исымоу аҩыза. Сара ахәыҷқәа рылақәа еихаччо, рҭаацәа гәырӷьаҵәа ианызбо, мамзаргьы ачымазара змоу ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәра ҳанацхраауа, насыҧс исшьоит. Ахәыҷы иччаҧшь, ан лгәырӷьаратә лаӷырӡы, уара узы ҧхара ажәак анылҳәо-уи еиӷьу иарбан гәырӷьароу, иарбан насыҧу иҟоу?!
Сара Анцәа дхасҵоит, сыуаажәлар рыгәра згоит. Ҳарҭ ҳабжьара иҟоуп ауаа, зыхшара аҳәаанырцә аҵара зҵо, ҭаацәала аҳәаанырцә зыҧсы зшьо, убри аамҭазы, рыуацәа, ргәылацәа рхы рызныҟәымго иҟоуп. Рыцҳарас иҟоу, аицхыраара, арыцҳеибашьара ыӡуа иалагеит. Уи адингьы, аҧсуарагьы, ауаҩрагьы иаҵанакуам.
Ҳарҭ зегьы, гәҭакык-гәҭакык ҳамоуп, аҧсҭазаараҿы еиҳа еиӷьны ҳанхар ҳҭахәуп. 5% досу иҳауа ахашәала аҟынтә, агәыҳалалра иахҭнаҳҵар, агәра шәсыргоит, аӡәгьы акагь шаҳмыхьуа.
Сара ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа рыцхраара нап анасыркы, аҧышәа иснарбеит, амал зманы, зхәыҷқәа чмазцәоу аҭаацәа, иахьыдҵаалаша аҭыҧ шырзымдыруа. Уи азы, ииашоу аинформациа рыҭатәуп.
Ари азҵаараҟны, аҳәынҭқарра иҟанаҵо ацхыраара иазыҧштәӡам. Ҳҳәынҭқарра, ус еиҧш амч амаӡам, економикала иӷәӷәаӡам.
Убри аҟынтә, ҳара ҳхы ҳақәгәыӷуеит. Хәышықәсатәи афонд абиуџьет шьақәҳаргылахьеит. Ҳара ҳаспонсор хадацәа, 80% абиуџьет шьақәзыргыло-анаплакы «Абхазморпром», афирма «Дента Медикал», «Химпро». Ҳарҭ зегьы, Аҧсны ҳатәылауаауп. Уаҳа аӡәгьы афонд дацымхырааргьы, ҳара хамчи ҳалшареи езибархоит. Зегь акоуп, ҳара ҳдиаспора акыр ҳрықәгәыӷуеит. Адунеи зегьы аҟны инхо урҭ рхыҧхьаӡара миллионк иназынаҧшуеит. Сгәы иаанагоит, рҭоурыхтә ҧсадгьыл ацхыраара арҭарц агәаҳәара аадырҧшып ҳәа. Ҳара ҳусура ала, агәра дҳаргоит, рҧара иашаны ахархәара шаиуа.
А-И. Сонер, аибпашьра аҧхьа, шәара раҧхьа Аҧсныҟа иааз арепатриантцәа шәыруаӡәкуп. Арахь шәанаауаз шәыҧсадгьыл аҿы ауада, мамзаргьы, адгьыл ҭыҧ шәырҭап ҳәа шәымгәыӷуазар акәхарын. Избан, уажәы нхара ҳәа иаауа, дара рҭахрақәа зықәдыргыло?
С. Гогәуа. Избанзар, ҳрепатриантцәа ииашаны аус рыдырулаӡом, дара иреилыркаалатәуп Аҧсны аҭагылазаашьа зеиҧшроу. Шәахәаҧш, Сириантәи иааз аҧсуаа, шаҟа аҧара рыхҭынҵо, шаҟа ацхыраара рзыҟаҵо, аха иҟоуп шьҭахьҟа ихынҳәқәазгьы, уа макьана аибашьра шцоугьы. Ауаа ирацәажәалатәуп, идеилыркаалатәуп Аҧсны рыҧсадгьыл шакәу, дара рлагалагьы ҟарҵаларц шахәҭоу. «Аҧсныҟа шәхынҳәы, ҳара зегь шәзыҟаҳцоит» мацара азхаӡом. Усҟан Сириатәи аҧсуаа ирыхьыз еиҧшхоит.
Ҳара ахыҧхьаӡара мацара азы иаҳҭахӡам ҳџьынџьуаа. Егьа ҟаҳҵаргьы, Аҧсны инхо амилаҭқәа зегьы еилаҳҵаргьы, миллионҩыла ҳзыҟалом.
Ҳара иҳамазаруп гәабзиарала иӷәӷәоу, аҵара змоу, аҧсҭазааратә ҧышәа згым ауаа.
Ҳдиспора уаҩҵас аус рыдулатәуп, аиаша раҳәалатәуп, амц иацәыхьчалатәуп.
Иахьа, Аҧсны инхоит 100нызқьҩык рҟынӡа апсуаа. 15-20 шықәса рыла, 300-400 нызқьҩык ҳзыҟалаӡом. Убри аҟынтә, арепатриациа азҵаарақәа шьҭыхтәуп, Аҧсны иадыҧхьалалтәуп хәарҭа злоу ауаа. Аҵарадырра, агәабзиара, аусурҭа ҭыҧкәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа азҿлымҳара рыҭалатәуп. Аҿар, апатриотизмра рылааӡалатәуп.
Убри ауп аҳәынҭқарратә идеологиа захьӡу. Апатриот-адунеи зегьы аҟны аҭынчра зҭаху иоуп, аха убри аан, иҧсадгьыл азхәыцра зегь раҧхьа иргылозар ахәҭоуп.
А.И. Ус анакәха, аҩныҵҟатәи алшарақәа ирықәгәыӷтәуп, арепатриантцәа радыҧхьалара аасҭа?
Рыҩбагьы хеибарҭәаауазароуп. Иазгәаҭатәуп, арепатриациа-ахыпхьаӡара аизҳара мацара акәӡам. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәра- зегь раҧхьа иргыланы, аҭоурыхтә иашара ашьақәыргылароуп. Урҭ ауаа, хатә гәаҧхарала, рыҧсадгьыл аанырмыжьӡеит. Убри аҟынтә, ҳара аҭагылазаашьа раҳҭароуп рыҧсадгьыл ахь ахынҳәра. Дара арахь иаанӡа, ҳҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи, адәныҟатәи аҭагылазаашьа рдыруазароуп. Ирдыруазароуп иҟоу ауадаҩрақәа ртәы. Аиашаҵәҟьа раҳәалатәуп.
Ҭырқәтәылантә, Сириантә ихынҳәыз аҧсуаа рҧышәа иаҳнарбеит, Аҧснынтә изықәгәыӷуаз ишақәымшәаз. Арахь иаанӡа ирдыруазтгьы, Аҧсны аҧсҭазаара зеиҧшроу, изакә ҭагылазаашьоу ироуа, имаауазгьы ҟалон. Убри азы, заанаҵы ирдыруазароуп иахьааиуа изықәшәо. Анхара-анҵыра иазыхиоу роуп иааша, аҳәынҭқарра аҟынтә аҩны, мамзаргьы аҧара иақәгәыӷуа, уадаҩрак ааиҧгыларгьы иҭины ицо, ус иашам. Раҧхьа Аҧсныҟа иааз ҳара арепатриантцәа, акагь ҳамамызт, ҳбизнесгьы ыҟамызт, ҳҧарагьы ыҟамызт, ҳхала иҳарҳаит зегьы, џьаргьы ҳамцеит ҳхынҳәны.
Шәара ижәдыруама ҳара арахь ҳанааз, ҳшааз? Аибашьра аҧхьа, Кандид Ҭарба, Ҭырқәтәыла, акәашаратә нсамбль еиҿикааит. Аиаша шәасҳәап, акәашара рацәак иаҳҭахӡамызт,ансамбль ҳалалеит ҳаҧсадгьыл ахь ҳцара, ҳауаажәлар рбара иацхраауеит ҳәа гәҭакыс иҟаҵаны.
Аҧсуа культуратә хеидкылақәа рҟны, Аҧсны аӡбахә ҳаҳауан, еснагь иалацәажәон. Арахь ҳанаагьы, иаҳбаз џьаҳамшьаӡеит.
Убас иҟан аибашьра анцоз аамҭазгьы, Ҭырқәтәылантә иааз аҿар, хатә гәаҧхаралоуп ишааз. Шәазхәыци, ҳдиаспора еиуаз, аӡәы иҧсадгьыл ахьчара дмаазтгьы? Усҟан ҳзалацәажәозма ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара рыҿиара аус. Уи аҩыза азин рымазма ҳдиаспора рхаҭа? Сыгәра жәга, усҟан ҳаизыҟазаашьа зынӡа аҽакала иҟалон.
100-ҩык еибашьра иааз ҳџьынџьуаа, иахьа ҿыӷәӷәала ҳцәажәо ҳҟарҵеит ҳусқәа зегьы рҟны. Еиҭасҳәоит, ҳдиаспора аиаша рдыруазароуп, аҳәынҭқарра аусқәа ирылахәызароуп. Ачынуааи дареи рфотосахьаеицҭыхреи, аныҳәатә еишәақәеи рҿы реидтәалара мацара азхаӡом.
А-И. Сара лассы-лассы арепатриантцәа срацәажәалоит, урҭ рыбжьара иҟаӡам аҧсылман динхаҵара злаҽны иҟоу, аџьаамахьы имныҟәақәоугьы убап. Избан, ашәара зыҟоу, Аҧсны аҧсылман динхаҵара аладырҵәар ҟалоит ҳәа?
С. Гогәуа. Уи Асовет аамҭа аҟынтә иаауеит. 150 шықәса инареиҳауп, амҳаџьырра ҟалеижьҭеи. Досу иара ихатә динхаҵара имоуп. Аха, иаҳдыруазароуп, ҳарҭ милаҭк шҳакәу.
Амҳаџьырра зыхҟьеи? Иҳазҳәода аиаша? Урыстәылатәи аимпериа ҿырҧшыс иаагоит, уи аиаша азбжак ауп. Иҟоуп еиҳа ихадароу афактор-уи аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьа ауп, ақәҿаҳҭуам акәымзар.
Амҳаџьырқәа, (еиҳарак ажәла ӷәӷәақәа), усҟан рыдгьыл гәакьа ааныжьны, ирҧеиҧшхоз ахьырзымдыруаз атәым тәылаҟа ицеит. Уи ус баша иҟамлаӡеит. Аҭак мариоуп. Сара сабду 112 шықәса дшырҭагылаз дыҧсит, ус саиҳәахьан: «Сонер, ҳара ҳҟноуп ауадаҩра ахьыҟаз. Агәылеи, агәылеи еибашьуан, аешьа дгылан аешьа диеихсуан. Ҳара, ҳаҳтәқәа ҳрабашьыр ҳҭахымызт, убри аҟынтә, амҳаџьырра амҩа ылаҳхит» ҳәа. Сабду арҭ иажәа хьыршәыгәқәа, ҳара ҳҭаацәа рҭоурых наунагӡа иазынхоит. Усҟантәи аамҭазы, ҳара ҳаҩныҵҟатә ҭагылазаашьа аҵакы гәӷәа аман, абжаҩык Урыстәылатәи аимпериа иадгылан, абжаҩык Қырҭтәыла, егьырҭ-Османтәи аимпериа. Иаанхаз, ҳпатриотцәоуп ҳәа рхы ҧхьаӡаны, «аҧсуара» еиқәдырхон. Уи ахҭыс, иахьатәи аҭагылазаашьа шәгәаланамыршәаӡои?
Ҳмилаҭтә идеологиа ҳалацәажәаӡом, ҳинтересқәа рышьҭыбжь ҳаргаӡом. Иахьа, Аҧсны ахатә интересқәа ирызхәыцуада, ҳқьабызқәа еидкыланы измо «аҧсуара» аиқәырхара гәыҵхас измада?
А-И. Аҧсуара ажәала ианалацәажәо рацәоуп. Аҭагылазаашьа уадаҩ аҟны, аҧсуа идоуҳатә хымҩаҧгара иалацәажәоит…
С.Гогәуа. Хымҧада, шәиашоуп. Аиаша ҳзацәшәари? Сара лассы-лассы исаҳауеит ирҳәо: «Абар, ҭырқәтәылатәи аҧсуаа аар, ҳаҧсҭазаара аҭырқәа ҟазшьа змоу анырра аларгалоит ҳәа». Арҭ ажәақәа хырхарҭас ишьҭырхуа, аӡәырҩы, Урыстәылатәи аекспертцәа, арепатриациа апроцесс иацәшәоит, аислам динхаҵара аҧыжәара агоит ауп.
Ашәареи, аҿагылареи-аус алҵшәа анаҭаӡом. Амҩа аарттәуп, егьахылаҧштәуп-уи адунеитә ҧышәа ишьақәнарӷәӷәахьеит.
Иахьа, Аҧсны иҟазар аҧсылман динхаҵаҩцәа, урҭ ирыдгылатәуп, атеррактқәа мҩаҧызго арадикалтә ислам аламырҵәакәа.
Аислам-дин ӷәӷәоуп. Уи адацқәа рхыҵхырҭаҿы иазгәаҭоуп, ауаҩ иҭархара шыгәнаҳа дуу. Иарбоуп, ауаҩы имал агара шыҟамло. Ацәгьа ҟазҵаз ауаҩы, агәнаҳа шихымҵуа.
Урыстәыла, 25 миллонҩык ауаа, аислам динхаҵара ныҟәыргоит. Арадикалтә ислам, аваххабизм акәӡам зыӡбахә ҳәоу. Аҧсны, ацәгьоурақәа ҟалашьа рмоуроуп.
Тырқәтәылантәи иаауа арепатриантцәа, рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь изаауа, адин аҳаҭыр азакәӡам, рыуаажәлар рыгәҭа инхарц азоуп. Ҳара зегь раҧхьа иҳаргыло аҧсуароуп. Аҧсылманра аҧхьа изыргыло, ҳаџьра Саудовтәи Аравиа, мамзаргьы, егьырҭ араб ҳәынҭқаррақәа рахь ицоит.
Аполитикатә ҟазшьа змоу уск шәазхьасырҧшырц сҭахәуп. Аҧсны-100нызқьҩык аҧсуаа нхоит, Ҭырқәтәыла-500нызқьҩык. Аҧсны ҳәынҭқаррак аҳасабала иаҧеиҧшхозеи, ҭырқәтәылатәи апсуаа, ҳара ҳеиҧш, апрезидент изы, апарламент адепутатцәа рзы, алхрақәа раан рыбжьы рҭиир? Аҧсны Ареспублика атәылауаҩ изакәан инақәыршәаны, азин рымоуп алхрақәа рыҽрылархәра. Усҟан ус иҟалар алшоит, Аҧсны алахьынҵа, аҭыҧантәи аҧсуаа ракәымкәа, адиаспора иаӡбуа. Уи аҩыза ашәара, ҳауаажәлар рыҩныҵҟа иҟоуп.
Аамҭа-аамҭала акәымкәа, ҳдиаспора еснагь аус рыдаҳулалароуп. Ҳарҭаалароуп дара ахьынхо ақалақьқәеи, ақыҭақәеи. Ирзеиҭаҳҳәалароуп Аҧсны иҟоу аҭагылазаашьа нарҭбааны, изну аҿиара амҩа, иҟоу ауадаҩрақәа уҳәа.
Адиаспора ибзианы ирдыруеит, ХIХ-тәи ашәышықәсазы, аурыс-аҧсуатә еизыҟазаашьа аҭоурых хлымӡаах. Иахьа, Аҧсныи Урыстәылеи еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аусеицзуреи, аиҩызареи рзы аиқәышаҳаҭрақәа рнапы рыҵарыҩуеит. Убри аҟынтә, ҳдиаспора ирызнагалатәуп, Урыстәыла Аҧсназы иҟанаҵо, ҳаимадара зҳарҿио, стратегиатә партниорс изҳамо. Усҟан ауаа ашәара рцәыӡуеит, рызҵаарақәагь еиҳа имаҷхоит.
Сара еиҳа санҿаз аамҭазы иҳарҳәалон, Урыстәылеи, аурысқәеи, шәара шәаӷацәа роуп ҳәа. Аҧсныҟа санаа, сгәаанара аҽаҧсахит. Сыла иабеит, аурысқәа, даҽа жәларк шракәыз. Иахьа, сара аурысқәа аҩызцәа рацәаҩны исымоуп, сасра срызцалоит, пату еиқәаҳҵоит. Аус рыцура, рыцынхара, аиҩызара убжьазар ҟалоит.
Ҩаҧхьа схәыцрақәа рҟны аҭыҧ ылырхуеит, ҳдиаспора ирыдҳәало аус хықәкыла ишазнеитәу.
А-И. Иахьатәи аҭагылазаашьаҿы иҟаҵатәузеи?
С. Гогәуа. Урыстәылеи Тырқәтәылеи ирыбжьоу аимак иазкноума шәышҵаауа? Еиуеиҧшым аструктурақәа рхаҭарнакцәа сыдҵаалалоит, ҳдиаспора аус рыдаҳулаларц, Аҧсны , Ҭырқәтәыла иаҿагыланы имҩаҧнаго аполитика адгылара арҭарц. Абзиара шәымаз аҩызцәа, уажәаҧхьа шәабаҟаз? 2008 шықәса рзы, сара апарламент аҿы депутатс саныҟаз, еснагь исҳәон, ҳдиаспора аполитика еилыркаартә ирызнагалатәуп ҳәа.
Ҳдиаспора злахәыз раҧхьатәи аиҧылара мҩаҧысит Ҭырқәтәыла, Сҭампыл ақалақь, Урыстәылатәи аконсулраҿы. Уи далахәын Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Аҧхьаҟа, ари аҩыза аусура иацҵатәын. Абри ахырхарҭала ҳдиаспора аус рыцаҳуазҭгьы, иахьа еилыкка ирдыруазаарын, Урыстәылеи ҳареи ҳаиҩызареи, ҳусеицуреи ҵакыс иамоу. Иахьа, урҭ азҵаарақәа рҟны иҳадгылазаарын.
Иаҳхаҳмыршҭыроуп, урҭ Ҭырқәтәыла ишатәылауаау, иахьынхо аҳәынҭқарра ишаҿамгыло.
Иҭархаз Урыстәылатәи аҳарплан-ари ҽыҵгоуп. Ҭырқәтәылатәи адәныҟатәи аполитика аҽаҧсахит, уа иҟоу ауаа акгьы рзеилымкаауа иҟам. Дара ибзианы еилыркаауан, иҭархаз Урыстәылатәи арратә ҳаирплан иахҟьаны ауадаҩрақәа шцәырҵуаз.
Америкеи, Европеи, Ҭырқәтәыла иарҭазеи? Акагьы. Убри аан, аҭырқәцәа азин рырҭомызт рхатә џьармыкьақәа рырҿиара, рхатә политика амҩаҧгара. Ҭырқәтәыла ахықәкы хадақәа ируакуп-агәылаимабзиара ашьақәырӷәӷәара, раҧхьа иргыланы Урыстәыла. 2008 шықәса рзы, Ҭырқәтәыла аҧыза-министр Аҳмеҭ Дауҭоглы, ирыдигалеит адәныҟатәи адоктрина «Ноль проблем с соседями», иахьа Ҭырқәтәылазы-«Ноль соседей». Бырзентәылеи иареи аибашьра, Сириеи иареи аибашьра, Урыстәылеи иареи аибашьра рыбжьоуп. Ргәы ишҧаҭоу аҳәынҭқарра ӷәӷәа аҧҵара, ргәылацәеи дареи аимак рыбжьазар?
Уи аполитика иашаӡам. Ҭырқәтәыла аполитикеи, аекономикеи анырра азҭо ауаа ыҟоуп, убарҭ рхыҧхьаӡараҿы, ҳдиаспора рхаҭарнакцәагьы. Ҳдиаспора заа еилкааны ираҳҳәахьазтгьы ҳҭагылазаашьа зеиҧшроу, уажәтәи аамҭа анырра арҭар рылшон. Ирарҳәарын, ҳгәыла дыргәааны, Америкеи, Европеи рыҽрымадара шиашам.
Сара схала адиаспора аус рыдулара сымч ақәхаӡом, уи азы, аҳәынҭқарратә знеишьеи, Урыстәыла ацхыраареи аҭахәуп.
Иаҳҳәозар, иахьа Аҧсны аспутникатә телехәаҧшра ҳамазар, иаҧырхагада? Ихьыҧшым аҳәынҭқарра, аспутникатә канал ала, ҭырқәшәала, аҧсышәала, араб бызшәала уҳәа, еиуеиҧшым абызшәақәа рыла , аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора ажәабжь рызнагазар бзиами? Усҟан ҳдиаспора иреилҳаркаауан, Аҧсны Урыстәыла стратегиатә партниорс изаҧхьаӡо, уи аҩыза аҳәынҭқарратә ҿиарамҩа залаҳхыз, атәылаҿы аҭынчра аҭышәныртәалара ишацхраауа. Есҽны атәым ҳәынҭқаррақәа, хыҧхьаӡара рацәала аҧсуаа ахьынхо, ҳабжьы раҳарын. Сара уи рабжьызгахьан 2008 шықәса рзы, аха аҧара азхомызт. Иахьа иҟоуп ацәажәарақәа, аҳәааи , ахәаахәҭреи аркхоит ҳәа.
А.И. Шәара даҽа проектк шәаламцәажәаӡеит. Ззанааҭ аҟны аихьӡарақәа аазырҧшыз ауаа алышәкаауеит, ацьшьаратә ҳамҭақәа рышәҭоит.
С. Гогәуа. Ааи, уи ҳара ҳапроект ауп. Асовет аамҭазы, ауаа, зус лҵшәа бзиала иазнеиуаз, баша иалыркаауамызт. Зыжәлари, зҳәынҭқарреи рзы, аус бзиақәа ҟазҵо, рыхьӡ рдыруазааит, еиҳагьы еиӷьуп рџьабаа ахә аныршьо. Ҳара иҳаӡбеит, есышықәса иалаҳкааларц ус еиҧш иҟоу ауаа, еиҳарак аҿар, зусурақәа рҿы аихьӡарақәа аазырҧшуа. Аҿар- уаҵәтәи ҳара ҳҧеиҧш ауп.
Иахьа, ҳара иҳамоуп абаҩхатәра змоу аҿар. Иахҳәозар, аспорт аусхк аҿы Денис Царгәыш, 15шықәса зхыҵуа аҧкьаҭымпыл асҩы, Европа ачемпион Ален Аҩӡба. Урҭ Аҧсны ахьӡ ҭыргоит, адәныҟатәи аполитиказы уи еиӷьу иҟоузеи?! Гал, аҧсуа бызшәеи алитературеи дзырҵо арҵаҩы. Уи дпатриотҵәҟьоуп. Ус еиҧш иҟоу ауаҩы далкаан лыхьӡ зумҳәарызеи? Москва аҵара далганы, Аҧсныҟа иааз, арратә хәышәтәырҭаҿы аус зуа аҳақьым Нарҭ Гамгиа. Мамзаргьы, арепатриант Џьамал Ажәанба, Аҧсны ҩмиллион доллар алазгалаз, зхатә бизнес зырҿиауа. Урҭ реиҧш иҟоу ауаа, ҳажәлар рыхьӡ рдыруазароуп.
Убри аҟынтә, ас еиҧш иҟаз агәырӷьаратә усмҩаҧгатә еиҿаҳкааит. Иҟалап, ҳамҭа ссирк ранаҳамшьазаргьы, аха зегь раҧхьа игылоу-ари азҵаара моральла азнеироуп.
А.И. Иҭабуп ҳаиҿцәажәаразы. Напхгара зышәҭо афонд, имҩаҧнаго агәыҳалалратә усқәа рҟны аихьӡарақәа шәзеиӷьаҳшьоит!














.png)








