Очамчыратәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр аҭаара
16/05 2019
Иахьа, ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыҧ ахаҭарнакцәеи, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», иара убас «Ахәыҷқәа – аинвалидцәа рҭаацәа рассоциациеи» иаҭааит Очамчыратәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр. Ахәыҷқәа асасцәа ирҧылеит илахҿыху амузыкатә номерқәа рыла. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацентр ҳамҭас ианаҭеит хыҧхьаӡара рацәала абзазаратә ҳамҭақәа.
Ари аҭаара хықәкыс иаман ареабилитациатә центрқәа русура агәаҭареи, аҧышәа аимдареи. Ҧыхьатәи, ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыҧ реизараҟны иазгәаҭан ацентрқәа зегьы русеицуреи, акадырқәа разыҟаҵареи, иара убас ацентрқәа рчымазаҩцәа рзы аусмҩаҧгатәқәа реицшьақәыргылареи, реицымҩаҧгареи рызҵаарақәа.














.png)








