Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран ацхыраара иҭоуп

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспублика уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ирҩыз арзаҳал инақәыршәаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ацхыраара инаҭеит хатә гәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз, Леон иорден занашьоу,  Русин Тимофеи Владимир-иҧа. Иара ихала иааӡоит хҩык ахәыҷқәа, урҭ рсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳауп.

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аибашьра аветеран ҳамҭас инаҭеит аӡәӡәага машьына. Уи зыршаҳаҭуа ашәҟәы, иахьа  афонд аусбарҭаҟны иара инапы иаркын. 

Subscribe to Syndicate