Март 15, 1932 ш. рзы диит Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩ Алықьса Гогәуа.
14/03 2016
Алықьса Гогәуа иира мшы аҳаҭыразы, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, афонд аусбарҭахь ааҧхьара ирҭеит. Уи дицын, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
«Сара аҧсҭазаара аибарххарақәа схәыҷаахыс срылахәуп, акыр скыдырҟьахьеит, аха уи ацәқәырҧақәа сыҽрымҭакәа, иахьа уажәраанӡа сааит. Ҳара, доуҳала иӷәӷәоу жәларуп. Аҳәынҭқарра ашьақәыргылара ҳалшеит. Сара сыжәлар бзиа избоит, рымаҵ аура сазыхиоуп. Ҳара жәларык ҳауп, ҭаацәак ҳауп, збызшәа мырӡкәа иаазгаз амилаҭ хәыҷы, урҭ жәлары наӡоуп, ахаангьы иӡуам, иҧсуам» - иҳәеит Алықьса Гогәуа, дызнысхьо иҧсҭазааратә мҩа дагәылаҧшуа.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, афонд аусзуцәа, Алықьса Гогәуа агәабзиареи, ҿыцәаара зқәым арҿиаратә гәацҧыҳәареи изеиӷьаршьеит.
«Ҳара ҳмилаҭ еснагь ирылиаауеит абаҩхатәра ҷыда злоу ауаа. Шәара шәеиҧш зылаҧш ахара ихоу, зыхшыҩ ҵаулоу, зажәа ҟазоу, зҩымҭақәа рыла ҳажәлар рҿахәы аҳәара зылзыршаз уаҩ хатәроуп, шәҟәыҩҩ дууп. Шәара ҳаҧхьа шәахьгылоу, ҳара ҳзы акыр игәадуроуп»- ҳәа азгәеиҭеит афонд ахада Сенер Гогәуа.
Ашәҟәыҩҩы иформалтәымыз аиҧылараҟны дазааҭгылеит иҧсҭазаареи, иахьатәи аамҭазы инапы злаку ирҿиаратә мҩеи. Иазгәеиҭеит аҧхьаҩцәа ҽыц ирыдигалараны иҟоу ҩроманк аус рыдулара дшаҿу.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Алықьса Гогәуа ианашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа.
Дырмит Гәлыиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аҧсны Ареспублика зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩ, Адыгатәылатәи Жәларбжьаратәи академиа ҳаҭыр зқәу академик, Алықьса Гогәуа, амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара активла зхы алазырхәыз дыруаӡәкуп. Инапы иҵиххьеит ҧсра зқәым ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа, аочеркқәа, аҧсуаа рҭоурыхи, ркультуреи, рлитературеи рыҿиара иазку хыҧхьаӡара рацәала арҿиамҭақәа. Урҭ иаарылуаартә иҟоуп ироманқәа: «Аҽыкәаҳа», «Асду», «Аси амацәыс». Иҩымҭақәа, аурыс бызшәеи, ирацәаны атәым бызшәақәеи рахь еиҭагоуп. Алықьса Гогәуа, Д. И. Гәлыиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа акомиссиа ахантәаҩыс дамоуп.














.png)








