Имҩаҧысит аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә еицлабра «Аамҭеи ацәаҳәақәеи».

Embedded thumbnail for Имҩаҧысит аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа  рцәыргақәҵатә еицлабра «Аамҭеи ацәаҳәақәеи».

Апснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, имҩаҧысит аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа «Аамҭеи ацәаҳәақәеи». Уи азкуп Аҧсны аҳәынҭқарра  раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 70шықәса ихыҵра аҳаҭыр.

Ацәыргақәҵа аартуа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнак Гәрам Амқәаб иазгәеиҭеит, афонд имҩаҧнаго аусурақәа ртәы. Уи еиҿнакааз ацәыргақәҵа аҵакы ӷәӷәа шамоу.

«Зегь раҧхьа иргыланы афонд ахықәкы хадақәа  ируакуп Аҧсны аекономикеи, адемографиеи иахьынӡалшо ацхыраара аҭара, иара убас, аҧсуа бызшәа, аҧсуа  культура, аҧсуа ҵас, ақьабз, аҧсуара аӡыргара, уи аҳәаақәа  арҭбаара. Ҳаҧсуа сахьаҭыхыҩцәа, ҳмилаҭтә культура аизҳазыӷьараҿы иааныркылоит рхатә ҭы   ҷыда»-иҳәеит Гәрам Амқәаб.

Анаҩс, ажәа змаз аҟазаҭҵааҩы Елена Лабахәуа ҭабуп ҳәа ралҳәеит афонд ахадареи, ахаҭарнакцәеи еиҿыркааз ацәыргақәҵазы.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа иқәгылараҿы иҳәеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәареи, ихьӡ лашеи, ес ииуа ишрыциуа. Ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы, ихатә лагала ду шыҟаиҵаз. Ҳаҧсуа жәлар рҭоурых хьтәы нбанла дшанхалаз.

« Хара ҳфонд аҧшьгарала, аҧхьаҟа ҳгәы иҭоуп Владислав Григори-иҧа игәалашәара иазку аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара. Аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, зыжәлари зыҧсадгьыли рыбзиабара иаҧсахаз,  Владислав Арӡынба, хымҧада, ихьӡ наунагӡа иҳацзаауеит»-иҳәеит Сонер Гогәуа ацәыргақәҵа  аҵакы далацәажәо.

Аҧсуа  сахьаҭыхыҩцәа  рцәыргақәҵатә еицлабра «Аамҭеи ацәаҳәақәеи» зхы алазырхәыз асахьаҭыхыҩцәа зегьы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа. Иара убас, иалкаан рыӡбахә ҳәан аҧхьахә ҭыҧқәа ирыҧсахаз.

Акомиссиа алахәцәа иҟарҵаз алкаала, ахҧатәи аҧхьахә даҧсахеит Руслан Чхамалиа. Ианашьан 20 нызқь мааҭ аҧара.

Аҩбатәи аҧхьахә даҧсахеит Адгәыр Амҧар. Ианашьан 30 нызқь мааҭ.

Актәи аҧхьахәтә ҭыҧ ааникылеит Баҭал  Џьапуа. Иусумҭа «Акомпозициа»азы ианашьан 50нызқь мааҭ аҧара.

Ацәыргақәҵа иалахәыз зегьы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара еиҿыркааз аусмҩаҧгатә азы ҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Subscribe to Syndicate