Нанҳәа 15-Аҧсны иазгәаҭоуп Хатәгәаҧхарала еибашьуаз рымш.
15/08 2020
Ҳаҭыр зқәу хатәгәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз!
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага раҧхьатәи амшқәа инаркны, ҧшрак ҳәа ҟамҵакәа, аҧсуаа зҭагылаз агәаҟра ду еилкааны, Аҧсны ахьчара иазгылеит ҳашьцәа Нхыҵаа-Аахыҵа зегьы, Аладатәи Урыстәыла, аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа. Имаҷҩым Аҧсны ахақәиҭреи, Аиааиреи зыҧсҭазаара ахҭнызҵаз аибашьцәа. Аибашьра адәаҿы иаадырҧшыз рфырхаҵара, рыгәаӷьра, рхымҩаҧгара, Аҧсны аҭоурых адаҟаьақәа рҿы наунагӡа иаанхоит, еизҳауа абиҧарақәа рзы иҿырҧшы бзианы иҟалоит. Ашьхарыуа жәларқәа ҳмилаҭтә ҷыдарақәа иреиуоуп аӡәы иҿаҧхьа ахыламырҟәра, аиаша азықәҧара, аидгылара, ианаҭахха аамҭазы Аҧсадгьыл бџьаршьҭыхла ахьчара. Уи шаҳаҭра ауеит, нанҳәамза 14, 1992 ш. азы Аҧсны излагаз аибашьра, Қырҭтәылатәи архәҭақәа шьаҭанкыла аҧсуа жәлар рықәхра хықәкыс иҟаҵаны ианажәла.
Сара, хатәгәаҧхарала Ҭырқәтәылантә иааны зҭоурыхтә ҧсадгьыл еиқәзырхоз аӡә иаҳасаб ала, ргәалашәара аҿаҧхьа схырхәоит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа, ҳашьцәа-хатә гәаҧхарала еибашьуаз зегьы! Наунагӡа Аҧсны ҧшӡа иахашәыршәыруазааит ҳҵеицәа ршьала иҿыху ҳаҧсуа бираҟ!
Ҳаҭырла,
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»
Ахада
Сенер Гогәуа














.png)








