Маи 9-Аџьынџьтәылатә еибашьра ду Аиааира амш 77ш. ахыҵит.

Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар, аветеранцәа! Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  анапхгара, алахәылацәа, гәык-ҧсык ала афашизм аҿаҧхьа ижәгаз Аиааира амш шәыдаҳныҳәалоит. Шәара шәхымҩаҧгара, шәыгәаӷьра, шәҿырҧшы акырӡа ахә ҳаракны иаҳшьоит. Аиааира амш аагара шәыхәҭа ду алажәгалеит. Уи абара иахьымӡаз, аибашьра адәаҿы иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз зегьы рҿаҧхьа ҳхырхәоит, ргәалашәара ҳацуп.

Subscribe to Syndicate