Леон Лакрба, ианашьаз аҳамҭа деигәырӷьеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ихацнаркыз апроект ҿыц «Ани амаалықьи», ҳауаажәлар даара гәахәала ирыдыркылеит. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит, ҳфонд лассы-лассы иаҭаауа,  ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа.  Апроект аусура мҩаҧнагоижьҭеи мышқәак шҵуагьы, узеигәырӷьаша хҭысуп,  аҳамҭақәа занашьаз анацәеи  абацәеи  рхыҧхьаӡара ахьмаҷым. Урҭ ргәырӷьара, ҳәарада, ҳарҭ иаҳгәырӷьароуп. Ари ахҭыс иаҳнарбоит, амаҷ иадымхаргьы, ауаҩы ацхыраара иҭара, ихаҵгылара, агәалаҟара шацу.  Ҳара ҳзы, агәырӷьарақәа иргәырӷьароуп ан лымаалықь иааӡара аус аҟны ҳлагала хәыҷ ахьазгәаҭо.
Мызки бжаки зхыҵуа Леон Лакрба, иахьа, иан Мактина длыцны, дсасны ҳофис даҭааит. Асаби ианашьаз аҳамҭа хәыҷқәа рзы, ччаҧшьла аҭак  ҳаиҭеит. Еиҳау иарбан насыҧу, ахшара рира,  урҭ рыҧсадгьыл аҿы  реизҳара?!  Шәааи, нас, ҳнапқәа еибаҳаркып,  урҭ уаҵәтәи рҧеиҧш лашазы!

Subscribe to Syndicate