Лаҵарамза 21, ахырҵәара иақәыршәаз ӽауаажәлар ргәаларшәара иамшуп.
21/05 2015
Ҳазҭоу ашықәс , Лаҵара 21рзы , ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи Афонд Аҧсны» аҧшьгарала имҩаҧысит, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз, араҟа аҭаацәарақәа аҧызҵаз, аусура знапы алакыу ҳџьынџьуааи, Аҧсны Ахәынҭқарра анапхгареи злахәыз аиҧылара. Уи аҽны, Сенер Гогәуа хадас дызмоу «Жәларбжьаратәи Афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, Аҟәа ақалақь, ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар рыхьӡала иргылоу абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарцеит. Иргәаладыршәеит аамҭаказы мчымхарыла зыҧсадгьыл иаҟәыгаз ҳауаажәлар ирхыргаз атрагедиатә хҭысқәа. Убри аҽны, Сенер Гогәуа излазгәеиҭаз ала, аҭоурых иаҳзыннажьыз аамҭа ҳгәаларшәо, аҧсҭазаара амҩа иаша ҳақәлароуп, ҳазхәыцроуп еизҳауа абиҧара ҿыц рҧеиҧш. Ирацәаҩуп Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа иааны еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус зуа аҧсуаа. Урҭ хаҭала, Аҧсны аиҳабыреи дареи реибадырра хықәкыс иҟаҵаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аофициалтә ҟазшьа змамыз аиҧылара еиҿнакааит. Уи мҩаҧысит аресторан «Ерцахә» аҟны.














.png)








