Иорданиатәи аделегациеи Аҧсны Аҳәынҭқарра ахадеи реиҧылара мҩаҧысит

​Ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбани», ателеканал «Нарҭ-ТВ» рхаҭарнакцәа Аҧсны русурақәа ирыцҵоуп. Урҭ ҳтәыла иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иҟарҵаз ааҧхьарала.

 Иорданиатәи аделегациа русурақәа анхыркәшаха анаҩс  идикылекит  Аҧсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба.  Рауль Ҳаџьымба аиҧылара аартуа, аделегациа Аҧсныҟа раара дшеигәырӷьаз азгәеиҭеит, иара убас Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа асалам рзыишьҭит.  Ҳџьынџьуаа Аҧсныҟа раара шьаҭас иамоуп Иорданиа инхо ҳдиаспореи Аҧсни рыбжьара акультура-информациатә еимадара арӷәӷәара . «Нарҭ-ТВ» ателеканал акәзар, Аҧсны ахада акыр аинтерес изцәырнагеит. Рауль Ҳаџьымба иҳәеит ас еиҧш иҟоу ателеканал, ҳауаажәлар реимадаразы аҵак ду шамоу.  Аделегациа мҩаҧызгоз «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа иазгәеиҭеит, Иорданиа инхо ҳдиаспореи ҳареи шықәсқәак раахыс аусеицура шҳыбжьоу, алҵшәақәа шыҟоу, уи хымҧада ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә  ҧсадгьыл радыҧхьалра ишацхраауа, иара убас Аҧсни Иорданиеи рыбжьара аимадара аҳәаақәа рыҽшдырҭбаауа. Иорданиатәи аделегациа анапхгаҩы  Базель Ҳаџьҭас, Рауль Ҳаџьымба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы.  «Ҳара  ҳахьынхозаалакгьы, ҳаишьцәоуп. Ҳара культурак ауп иҳамоу, иаҳуалуп ҳқьабызқәа, ҳбызшәа аиқәырхара.  Аҧсны ҳара ҳзы иҿырҧшыгоуп, убри аҟынтә «Нарҭ-ТВ» ателеканал ала иҟоуп аҭагылазаашьа Аҧсны иазку адырраҭарақәа аҧсышәала дырбара».

Анаҩс, имҩаҧысит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, Иорданиатәи аделегациеи злахәыз аиҿцәажәара. Аиҧылараҟны иазааҭгылан  афонди ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбани» аҧхьаҟатәи русеицзура.

Аҩганкгьы еиқәышаҳҭны, аҧхьаҟатәи русеицразы  азеиҧш проектқәа ирылацәажәеит. Иҟаҵаз алкаақәа инарықәыршәаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» ауаажәларратә еиҿкаара  «Кәбани», ателеканал «Нарҭ-ТВ» аҧҟаанҵа рнапы аҵарҩит.

 

Subscribe to Syndicate