Иаҧҵан ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны"
01/03 2015
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Ҳазҭоу ашықәс , февраль мзазы, иаҧҵан ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны". Ари аиҿкаара аполитикатә ҟазшьа амаӡам. Аус ауеит асоциалтә хырхарҭала. Хықәкыс иамоп ҳаҧсуа жәлар реидкылара, урҭ рҿаҧхьа иқәгылоу ауадаҩрақәа раҳасабра. Ҳазҭагылоу аамҭазы, иахәҭаны иҳаҧхьаӡоит ҳҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аҿиараҟны, ҳамчи, ҳахшыҩи, ҳалшареи еилаҵаны аусеицура. Убри инамаданы, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны", аус аднаулоит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла апроектқәеи, апрограммақәеи рышьақәыргылара, рынагӡара. Асоциал-економика, адемографиа, акультура, ахатәы бызшәа аиқәырхара, агәыҳалалратә цхыраара уҳәа, ҳауаажәлари, ҳҳәынҭқаарреи рҿаҧхьа иқәгылоу, хра злоу азҵаарақәа рыӡбараҟны, афонд аусура, цхыраагӡак аҳасабала ҳахәаҧшуеит. Уажәазы имҩаҧысуеит афонд азеиҧш еизара амҩаҧгаразы аҽазыҟаҵарақәа. Афонд аусура зхы алазырхәырц зҭахыу зегь шәахь ааҧхьара ҟаҳцоит ҳусбарҭа шәадҵааларц абри аҭыӡҭыҧ ала:
ақ.Аҟәа. Абизнес-центр "Гәдоу-плаза". Пушкин имҩаду16. а-5-тәи аихагыла.














.png)








