Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ихыҵуазаарын 70 шықәса

Иахьа, хәажәкырамза 4 рзы, Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭи иҵуазаарын 70 шықәса. Ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы, иара убас анаҩстәи аҿиараҟны иара илагала акыр ирацәоуп. Сергеи Уасил-иԥа дуаҩы ӷәӷәан, иҟәышыз политикын, ҳәынҭқарратә усзуҩын, итәылазы дпатриот дуун. Ус баша аҳәынҭқарра напхгара азиуамызт, иара ижәлар дырзааигәан, еидикылон, бзиа ибон.

Сергеи Уасил-иԥа  хаҭала  дыздыруаз зегьы ибзырӡы рҳәоит, иҳалалра рхашҭуам, иуаҩра ргәаладыршәоит. Аԥсуа политика ахықәцә аҿы дшыҟазгьы, зегьы рзы даартын, дуаҩ иашан.

Subscribe to Syndicate